Аԥсны иҟоу аурыс аруаа сынтәатәи ашықәс азы раԥхьатәи рҽазыҟаҵарақәа хацдыркит

© Foto / МЧС РААԥсны иҟоу аурыс аруаа сынтәатәи ашықәс азы раԥхьатәи рҽазыҟаҵарақәа хацдыркит
Аԥсны иҟоу аурыс аруаа сынтәатәи ашықәс азы раԥхьатәи рҽазыҟаҵарақәа хацдыркит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы, ашьхареи амшын аԥшаҳәеи иахьрыҵаркуа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Адесантникцәа злахәу аеромобилтә гәыԥқәа "аӷа" имчқәа ҭадырхараны иҟоуп Аԥсны излагаз аҽазыҟаҵарақәа раан ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы, ашьхараҿи амшын аԥшаҳәаҿи. Аҽазыҟаҵарақәа раан аррамаҵзурауаа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы парашиутда ртәара мҩаԥысуеит, "аӷа" иршьаҟауааи итехникеи авертолиотқәа рҟынтәи иҭадырхоит", - аҳәоит адырраҭара.

Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит зықьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа.

Планла адесантникцәа ҳауала ирмаӡаны ҭыԥк аҟынтәи аҽа ҭыԥк ахь ииагахоит, инахараны иҟоу "аӷа" даԥырырхуеит.

Аиҳарак азхьаԥшра аҭахоит адесантникцәа рдыррақәа. Арҟәша азырхоуп ҳауала ар ииаганы аибашьра амҩаԥгара ралархәра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0