Аҭаацәаратә, абиԥаратә ныҳәа: Ажьырныҳәа Дәрыԥшь ақыҭан ишазгәарҭаз

Sputnik

Ажьырныҳәа – ижәытәӡатәиу ныҳәоуп. Аҵарауаа изларҳәо ала, уи ҩ-нызқь шықәса инеиҳаны иахыҵуеит.

Ажьырныҳәа аҭаацәаратә, абиҧаратә ныҳәоуп, иагьидҳәалоуп ажьира анҵәахәы. Ари аныҳәа азгәарҭоит ажьира змоугьы измамгьы.

Ажьира змоу аҭаацәарақәа рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәа шьны, иара убас ашьтәа агәыи агәаҵәи, аҩыцқьеи, акәакәарқәеи рыманы ажьираҿы ицаны иныҳәоит, рыцԥхьаӡа ацәацқьа иалху ацәашьқәа рзадыркуеит. Ажьира змамагьы аныҳәа иаԥылоит, аха урҭ рритуалқәа акыр еиҳа имариоуп.

Аныҳәа адырҩаҽны аҧсуаа еиҭанеиааиуеит, агәылацәеи, ауацәеи еидныҳәалоит. Ари амш азы аҵак ҷыда рымоуп ауаҩы ииҳәои иҟаиҵои зегьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 10
Шьашәы акрызҵазкуа нцәахәуп аԥсуаа итрадициатәу рмилаҭтә дин анцәахәқәа рпантеон аҟны. Азқьышықәсқәа ирылсны иахьанӡа иааӡеит иара икульт.
2 / 10
Аҵарауаҩ-аетнограф Иван Аџьынџьал ари ихьӡ аетимологиа шазиуа ала Шьашәы – "иршәу ашьа" ҳәа аанагоит. Шьашәы – Абжьныха, Ахьаҳ Ду ҳәагьы изырҳәоит.
3 / 10
Ажьира – аиха аус адулара ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара ҽаҧарак еиҭазгаз акакәхеит.
4 / 10
зегь рыцҧхьаӡа арбаӷьқәа ршьуеит.
5 / 10
Аныҳәа адырҩаҽны аҧсуаа еиҭанеиааиуеит, агәылацәеи, ауацәеи еидныҳәалоит. Ари амш азы аҵак ҷыда рымоуп ауаҩы ииҳәои иҟаиҵои зегьы.
6 / 10
Ажьырныҳәа аҭаацәаратә, абиҧаратә ныҳәоуп, иагьидҳәалоуп ажьира анҵәахәы. Ари аныҳәа азгәарҭоит ажьира змоугьы измамгьы.
7 / 10
Аетнолог Валери Бигәаа иажәақәа рыла, аԥсуаа ажьира иамҵаныҳәо есышықәса аџьма зшьуа ыҟоуп, даҽа шьоукы хы-шықәса рыла знык, досу ишрықәу еиԥш.
8 / 10
Аԥсуа традициатә культураҿы, рфилософиаҿы абзиеи-ацәгьеи еицуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ажьырныҳәа ауха амшьҭа еиҳа аҽарӷәӷәоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
9 / 10
Ажьира змоу аҭаацәарақәа рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәа шьны, иара убас ашьтәа агәыи агәаҵәи, аҩыцқьеи, акәакәарқәеи рыманы ажьираҿы ицаны иныҳәоит, рыцԥхьаӡа ацәацқьа иалху ацәашьқәа рзадыркуеит.
10 / 10
Ажьира змамагьы аныҳәа иаԥылоит, аха урҭ рритуалқәа акыр еиҳа имариоуп.