Ажьырныҳәа – ижәытәӡатәиу ныҳәоуп. Аҵарауаа изларҳәо ала, уи ҩ-нызқь шықәса инеиҳаны иахыҵуеит.
Ажьырныҳәа аҭаацәаратә, абиҧаратә ныҳәоуп, иагьидҳәалоуп ажьира анҵәахәы. Ари аныҳәа азгәарҭоит ажьира змоугьы измамгьы.
Ажьира змоу аҭаацәарақәа рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәа шьны, иара убас ашьтәа агәыи агәаҵәи, аҩыцқьеи, акәакәарқәеи рыманы ажьираҿы ицаны иныҳәоит, рыцԥхьаӡа ацәацқьа иалху ацәашьқәа рзадыркуеит. Ажьира змамагьы аныҳәа иаԥылоит, аха урҭ рритуалқәа акыр еиҳа имариоуп.
Аныҳәа адырҩаҽны аҧсуаа еиҭанеиааиуеит, агәылацәеи, ауацәеи еидныҳәалоит. Ари амш азы аҵак ҷыда рымоуп ауаҩы ииҳәои иҟаиҵои зегьы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Имҵаныҳәон, ихьӡ ианықәуан: аԥсуа традициатә динтә дунеиқәыԥшылараҿы Шьашәы иҭыԥ
-
Аижәлантәқәа, ма ҭаацәашәала: Ажьиреи Ахьиреи аныҳәара разгәаҭашьа азы
© SputnikШьашәы акрызҵазкуа нцәахәуп аԥсуаа итрадициатәу рмилаҭтә дин анцәахәқәа рпантеон аҟны. Азқьышықәсқәа ирылсны иахьанӡа иааӡеит иара икульт.
1/10
© Sputnik
Шьашәы акрызҵазкуа нцәахәуп аԥсуаа итрадициатәу рмилаҭтә дин анцәахәқәа рпантеон аҟны. Азқьышықәсқәа ирылсны иахьанӡа иааӡеит иара икульт.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҵарауаҩ-аетнограф Иван Аџьынџьал ари ихьӡ аетимологиа шазиуа ала Шьашәы – "иршәу ашьа" ҳәа аанагоит. Шьашәы – Абжьныха, Ахьаҳ Ду ҳәагьы изырҳәоит.
2/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҵарауаҩ-аетнограф Иван Аџьынџьал ари ихьӡ аетимологиа шазиуа ала Шьашәы – "иршәу ашьа" ҳәа аанагоит. Шьашәы – Абжьныха, Ахьаҳ Ду ҳәагьы изырҳәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжьира – аиха аус адулара ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара ҽаҧарак еиҭазгаз акакәхеит.
3/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ажьира – аиха аус адулара ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара ҽаҧарак еиҭазгаз акакәхеит.
© Sputnik / Томас Тхайцукзегь рыцҧхьаӡа арбаӷьқәа ршьуеит.
4/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
зегь рыцҧхьаӡа арбаӷьқәа ршьуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәа адырҩаҽны аҧсуаа еиҭанеиааиуеит, агәылацәеи, ауацәеи еидныҳәалоит. Ари амш азы аҵак ҷыда рымоуп ауаҩы ииҳәои иҟаиҵои зегьы.
5/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аныҳәа адырҩаҽны аҧсуаа еиҭанеиааиуеит, агәылацәеи, ауацәеи еидныҳәалоит. Ари амш азы аҵак ҷыда рымоуп ауаҩы ииҳәои иҟаиҵои зегьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжьырныҳәа аҭаацәаратә, абиҧаратә ныҳәоуп, иагьидҳәалоуп ажьира анҵәахәы. Ари аныҳәа азгәарҭоит ажьира змоугьы измамгьы.
6/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ажьырныҳәа аҭаацәаратә, абиҧаратә ныҳәоуп, иагьидҳәалоуп ажьира анҵәахәы. Ари аныҳәа азгәарҭоит ажьира змоугьы измамгьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАетнолог Валери Бигәаа иажәақәа рыла, аԥсуаа ажьира иамҵаныҳәо есышықәса аџьма зшьуа ыҟоуп, даҽа шьоукы хы-шықәса рыла знык, досу ишрықәу еиԥш.
7/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аетнолог Валери Бигәаа иажәақәа рыла, аԥсуаа ажьира иамҵаныҳәо есышықәса аџьма зшьуа ыҟоуп, даҽа шьоукы хы-шықәса рыла знык, досу ишрықәу еиԥш.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа традициатә культураҿы, рфилософиаҿы абзиеи-ацәгьеи еицуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ажьырныҳәа ауха амшьҭа еиҳа аҽарӷәӷәоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
8/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥсуа традициатә культураҿы, рфилософиаҿы абзиеи-ацәгьеи еицуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ажьырныҳәа ауха амшьҭа еиҳа аҽарӷәӷәоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжьира змоу аҭаацәарақәа рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәа шьны, иара убас ашьтәа агәыи агәаҵәи, аҩыцқьеи, акәакәарқәеи рыманы ажьираҿы ицаны иныҳәоит, рыцԥхьаӡа ацәацқьа иалху ацәашьқәа рзадыркуеит.
9/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ажьира змоу аҭаацәарақәа рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәа шьны, иара убас ашьтәа агәыи агәаҵәи, аҩыцқьеи, акәакәарқәеи рыманы ажьираҿы ицаны иныҳәоит, рыцԥхьаӡа ацәацқьа иалху ацәашьқәа рзадыркуеит.
© SputnikАжьира змамагьы аныҳәа иаԥылоит, аха урҭ рритуалқәа акыр еиҳа имариоуп.
10/10
© Sputnik
Ажьира змамагьы аныҳәа иаԥылоит, аха урҭ рритуалқәа акыр еиҳа имариоуп.