Аижәлантәқәа, ма ҭаацәашәала: Ажьиреи Ахьиреи аныҳәара разгәаҭашьа азы

© Sputnik / Сария КварацхелияАжьырныхуа в селе Дурипш
Ажьырныхуа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2022
Анапаҵаҩра
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа дзыҿцәажәоз, Џьырхәа ақыҭа инхо Анатоли Ажьиба дазааҭгылеит, Ажьиреи Ахьиреи рҟны аныҳәарақәа аивгара рыманы ишыҟоу. Аныҳәара мҩаԥыргоит ажьырныҳәа 14 ауха.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ишырҳәо ала, аԥсуаа рҟны Анцәа иаамышьҭахь, актәи аҭыԥ аанызкыло Шьашәы иоуп. Шьашәы ихьӡала иқәуан, ишәииргьы ҟалон. Иван Џьанашьиа ишазгәаиҭо ала, абгақәа, ма алақәа ауура ианалагалак "Шьашәы рҳампал шәҿашәааит" ҳәа ишәиуан.

Празднование Ажьырныхуа в селе Бамбора  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2020
Имҵаныҳәон, ихьӡ ианықәуан: аԥсуа традициатә динтә дунеиқәыԥшылараҿы Шьашәы иҭыԥ

Шьашәы ихьӡала лымкаала аныҳәара мҩаԥыргон ажьиицәеи ахьиҩцәеи. Ажәытәан ажьираҿы аныҳәара мҩаԥыргон ажәлантә зегьы еизаны, нас хәыҷ-хәыҷы ажәлантәқәа еиҿыҵуа ианалага ашьҭахь, хазы иаҿыганы иганы ҭаацәала аныҳәарахь ииасуа иалагеит. Аха иара иахьагьы жәлантәыла аныҳәара змоу ыҟоуп, иаҳҳәап урҭ иреиуоуп Салаҟаиаа (Ҭхьына ақыҭа). Дара зымҵаныҳәогьы Ахьира ауп.

Иазгәаҭатәуп, Џьырхәа ақыҭа инхо Анатоли Ажьиба ишиҳәо ала, Ажьиреи Ахьиреи рҟны аныҳәарақәа аивгара рыманы иҟоуп. Иара ихаҭа иҩнаҭаҿы ҩ-жьирак изгылоуп: Ажьиреи Ахьиреи.

"Ажьиреи Ахьиреи ҳамоуп ҳара. Уи аҭоурыхқәа иаҳа издыруаз сашьа иакәын. Ахьира агәашә аԥхьа иҳазгылоуп, Ажьира – аҩны ашьҭахь. Уажәы иныҳәо сара соуп. Шықәсык Ажьираҿы ҳныҳәоит, шықәсык Ахьираҿы. Уи амч дууп иара. Ахьира амч Ажьира аасҭагьы еиҳауп. Ахьираҿы ауп иахьықәуаз, ибӷон, аӡәы акы иӷьычма-егьима, ажьираҿы ибӷаӡомызт", – ҳәа еиҭаиҳәоит иара.

Иазгәаҭатәуп, Ахьираҿы ианныҳәо аижәлантәқәа зегьы шырныҳәо, Ажьираҿы ианныҳәо акәзар, ҭаацәацыԥхьаӡа иныҳәоит. Ажәытәан Ахьираҿ ианныҳәоз ажәлантә зегь иахьыҟазаалакгьы еизон, уажәы аныҳәаҩ иҭаацәеи иареи еицны инеиуеит, уи иаҵагыло егьырҭгьы, аха ажәлантә зегьы меизозаргьы ацәашь ду ҟаҵаны абиԥара еидызкыло рыхьӡала ҳәа, ҩы-шықәса иреиҵам ашьтәагьы шьны дныҳәоит.

"Ажьираҿы ҳаннеиуа ҳашьтәагьы, ҳарбаӷьқәагьы ргәаҵәақәа кны ҳныҳәозар, ашьтәа анаҩс, досу ирбаӷьгьы агәаҵәа кны ҳныҳәоит, Ахьираҿы рыцыԥхьаӡа уҳәаӡом, гәаҵәак ауп иаҳкуа. Егьыс ԥшрала Ажьиреи Ахьиреи еиԥшуп, иқәу акоуп: ақды гылоуп, аԥсынгьери, ажьаҳәа убра ишьҭоуп", – ҳәа ҳаиҳәеит Анатоли Ажьиба.

Иара сынтәа аныҳәара ахьымҩаԥиго Ахьираҿы ауп. Ажьира змоу "ажьира амш" азы ауп ианныҳәо. Аиҳарак уи шәахьеи ԥшьашеи рыла ауп. Аха Анатоли Ажьиба Ахьираҿы данныҳәо аҩашоуп. Уи ахәылбыҽха ашьтәа атәыҩа ианкны иманы ацәашь ду ҟаҵаны ижәлантә зегьы иахьыҟазаалак машәыр рықәымкәа ҳәа дрықәныҳәоит.

Ажьырныҳәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2020
"Афырхы анапахьы аагара": Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки

Аҵарауаҩ Иван Аџьынџьал иетнографиатә усумҭаҟны ишаирбо ала, Ажьира аҟны иныҳәон жәлантәыла, мамзаргьы ҭаацәарала "ажьира амш" азы. Ажәлантә реиҳабы иааигон ҭаацәацыԥхьаӡа акәакәар ихагьежьааз, ахәажәа амзаҿа асахьа змаз, аӷәазал (ирқәацәны иҟаҵоу), иара убас аӡәыцыԥхьаӡа ацәашьқәеи. Нас урҭ зегь еидкыланы идыршон, ажьираҿы ирбылуан. Ахәылбыҽхан, аныҳәаҩ аџьма-шьтәа атәыҩа кны дныҳәон ажьираҿы, егьырҭ зегьы мрагыларахь рхы рханы ишьамхнышгыланы иныҳәон.

Иахьа ус еиԥш ишьамхнышгыло иубом. Нас ашьтәа хынтә арыӷьарахьала иргьежьны, ишьуан. Зегь андырхиалак, ашьтәа ахәҭақәа асаара инанҵаны, агәыи агәаҵәеи нақәҵаны, иара убас арбаӷьқәеи, акәакәарқәеи ацәашьқәеи досу инапаҿы икны ирыманы инеиуан дырҩегь ажьирахь. Ашьтәа ацәагьы уахь инаргон. Ажьираҿы иамкыргьы аҩналарҭаҿы игылон. Аныҳәаҩ ажьираҿ иҵаз аҳаԥшьа аҩы нҭыганы инықәиргылон. Ацәашьқәа зегь неидкыланы идуу акы налхны (шьҭрак ишатәу аанаго) иара уа ажьираҿ инадирҷаблон, ибылуан, хаҵа ицахьо рцәашьхәқәа рыда. Ажәлантә аниныҳәалак ашьҭахь, абжьыуаа рҟны, хаҵа ицахьо рцәашьхәқәагьы акакала хаз-хазы иаркны дрыхныҳәаны ибылуан еиҳаб-еиҵбыла.

Аетнолог, аҭоурыхҭҵаарақәа рдоктор, апрофессор Валери Бигәаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2017
Арадио
Бигәаа: ажәытәан ажьырныҳәа аан ауаса акәын иршьуаз

Абжьыуаа рҟны, хаҵа ицаз аҭыԥҳа ахшаа данлоулак ашьҭахь, раԥхьа иргыланы лабраа ржьираҿы дцаны ашьтәа ганы дныҳәар акәын иара "ажьира амш" азы. Уинахыс есышықәса, лмарҭхәқәа налышьҭуан. Анаҩс акәакәарқәа зныз асаара нышьҭыхны игылоу рхы инакәыхшаны дныҳәон "Абарҭ акәакәарқәа рыҟаҵараҿ шаҟа хәыӡи шыӡи алоу аҟара, убри аҟара мшыи насыԥи, гәабзиареи Шьашәы ишәиҭааит!" ҳәа.

Иара убас ашьтәа ацәа зныз асааргьы нышьҭыхны дныҳәон: "Абри ацәа шаҟа хәыц ақәу аҟара, мши, насыԥи, хаҳареи Шьашәы ишәиҭааит!". Нас Ачбеи Чачбеи ныҟаҵаны ахыб инықәижьуан, уи ашьҭахь зегьы агьама дирбон.

Ажәытәан аныҳәаҩ ҳәа иҟаз иара ажьии ихаҭа иакәын. Ажәлантә аҟны иҟаз ажьиҩы аиҳабы иакәын идырныҳәоз. Уи идунеи аниԥсахлак ашьҭахь, аныҳәара иԥа иахь ииасуан. Џьара-џьара Шьашәы – абжьныха рыхьӡала быжь-цәашьык ажьира инакәыршаны икыдҵаны дныҳәон аныҳәаҩ, нас акәын досу рцәашьхәқәа аныҟаиҵоз.

Бзыԥаа рҟны рныҳәашьа хазын ҳәа иаҵишьуеит Аџьынџьал: "Уара иумпыҵыҵуа аихаԥсыхә амашәыр ҳацәыхьча, алыԥха ҳаҭ, абџьар ҳкыр иҳақәманшәалахо, аусуга аихамаҭәахәқәа зда ҳхәарҭам иаҳкуа ихәарҭадуны иҳауҭарацы, машәыр ҳазнамуа ҳҟоуҵарцы ҳуҳәоит Шьашәы Ахьаҳду!". Иазгәаҭатәуп иахьагьы арҭ ажәақәа рыхәҭак уаҟа ахархәара шрымоу.

Хымԥада Ажьиреи Ахьиреи ирызку аныҳәара аҭҵаара зҭаху акы акәны ишыҟоу, урҭ ирымоу аивгарақәа еиҿырԥшны. Иҳәатәуп иҟоу аетнографиатә нҵамҭақәа рҟны Ахьира аӡбахә имаҷӡаны ишҳәоу.

Ҳхьирақәеи Ҳжьирақәеи рылԥха ҳамазааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0