АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Агазеҭ New York Times иакьыԥхьит авидео, уаҟа ажурналистцәа ишырҳәо ала иарбоуп ирантәи аракета украинатәи Boeing 737-800 ишақәшәоз.
Акадрқәа рҿы иубарҭоуп аҳаирплан иақәкны ҩ-ракетак шоушьҭыз, аԥхьа акы, нас – аҩбатәи.
Агазеҭ иазгәанаҭеит авидео YouTube аҿы ажьырныҳәа 14 руха ишцәыригаз ирантәи асоциалтә ҳақәа рхархәаҩ.
Киевҟа ацаразы Тегеран ишьҭыԥрааз "Международные авиалиний Украины" иатәыз аҳаирплан ажьырныҳәа ааба рзы икажьын. Аҳаирплан иҭан 167-ҩык апассаџьырцәа: Иран, Украина, Канада, Германиа, Швециа, Афганистан ртәылауаа.
Ажьырныҳәа 11 рзы ирантәи аруаа ахҭыс рхахьы иргеит, аҳаирплан машәырны икаҳажьит ҳәа рҳәеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Тегеран икаҳаз аҳаирплан азы раԥхьатәи аҭҵаарақәа мҩаԥгоуп
Иран аҿы ақәшаҳаҭхеит украинатәи аҳаирплан машәырла ишҭанархаз