Тегеран икаҳаз аҳаирплан азы раԥхьатәи аҭҵаарақәа мҩаԥгоуп

© AFP 2023На месте крушения самолета в Иране
На месте крушения самолета в Иране - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Киевҟа иԥыруаз "Международных авиалиний Украины" иатәыз аҳаирплан Boeing 737-800 Имам Хомеини ихьӡ зху аҳаиртә баӷәазаҟынтә ианышьҭыԥраа ашьҭахь рацәак мырҵыкәа икаҳаит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 — Sputnik. Тегеран икаҳаз украинатәи Boeing адгьыл ахь инеиаанӡа амцаа кхьан ҳәа азгәаҭоуп Иран аграждантә авиациа аҳасабырбаҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Адгьыл аҟынтәи иубарҭан аҳаирплан амца ишамҽханакыз", - азгәаҭоуп адокумент аҿы.

Уи адагьы алаинер атраекториала иубарҭан аҳаирплан абаӷәазахь ахы шырхынҳәыз аха убри аан аекипаж шәарҭарак азы адырра ҟарымҵеит.

Ахаша ауха Украинатәи 45-ҩык аекспертцәа Иранҟа инеиит. Украина ахада Владимир Зеленски иажәақәа рыла урҭ ахҭыс аҭыԥ ахь инеиит.

Авиакатастрофа иахҟьаны иҭахеит 176 -ҩык: 167-ҩык Иран, Украина, Канада, Германиа, Швециа, Афганистан иртәылауаауп. Жәҩык аекипаж иалахәылацәан.

Заанаҵтәи аҭҵаарақәа рыла авариа ҟалеит арныҟәага аиқәымшәара иахырҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0