АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Иран аҿы ақәшаҳаҭхеит украинатәи аҳаирплан машәырла ишҭанархаз, "ауаҩытәыҩсатә гха" аҭыԥ шамоу. Абри атәы Twitter аҿы иҩит Иран ААР аминистр Џьавад Зариф.
"Угәы узырхьуа амш. Аҩнуҵҟатә ҭҵаарақәа заанаҵтәи рылкаақәа инарықәыршәаны ЕАА рыпровокациатә авантиуризм иахҟьаз акризис аамҭазы ауаҩытәыҩсатә гха арыцҳарахь икылнагеит", - ҳәа иҩуеит аминистр.
A sad day. Preliminary conclusions of internal investigation by Armed Forces:
— Javad Zarif (@JZarif) 11 января 2020 г.
Human error at time of crisis caused by US adventurism led to disaster
Our profound regrets, apologies and condolences to our people, to the families of all victims, and to other affected nations.
💔
Иран арратә мчқәа рыштаб хадаҿы иазгәарҭеит аҳаирплан Исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа Ркорпус арратә обиектқәа рааигәара иахаԥрит, уи ауп акажьрагьы зыхҟьаз ҳәа.
Ажьырныҳәа 8 рзы "Украина жәларбжьаратәи авиацәаҳәақәа" иатәыз Киевҟа ицоз аҳаирплан Boeing 737-800 ахаша, ашьыжь Тегерантәи аҳаиртә баӷәаза аҟынтәи ианышьҭыԥраа ашьҭахь хара имгакәа икаҳаит.
Иҭахеит 176-ҩык Афганистан, Германиа, Иран, Канада, Украина, Великобританиа, Швециа ртәылауаа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Тегеран икаҳаз аҳаирплан азы раԥхьатәи аҭҵаарақәа мҩаԥгоуп