Лыԥсҭазаара далҵит Адиле Аббас-оглы

Адиле Аббас-оглы Аԥсны аҭоурых аҿы иухамшҭуа лҭыԥ нлыжьит. Лара заҵәык лоуп Нестор Лакоба иҭаацәараҟынтәи арепрессиақәа рышьҭахь зыԥсы ҭаны иаанхаз.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Шәышықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Адиле Аббас-оглы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Лакоба ихьӡ зху амузеи адиректор Лиудмила Малиаԥҳа.

Сталинтәи арепрессиақәа ирцәынхаз: Адиле Аббас-оглы 98 шықәса лхыҵит

"Адиле Шахбас-иԥҳа аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы агәамбзиара ҵганы илыман. Аҵыхәтәантәи ашықәс ллымҳа иаҳаӡомызт, лымчқәа акыр икаԥсан", - азгәалҭеит Малиаԥҳа.

Мшаԥы 24 2020 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы 100 шықәса лхыҵуазаарын.

1938 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы "ажәлар раӷа" ҳәа лыхьыӡҵаны Аԥсны дыхцан. 1953 шықәса рзы, 16-шықәса рышьҭахь Аббас-оглы Аҟәаҟа дхынҳәит.

1956 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа лхара лыхнахит. 1957 шықәса рзы Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет далгеит.

2005 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы иҭлыжьит аԥсуа жәлар рҭоурых хлымӡаах атәы зҳәоз ашәҟәы "Не могу забыть".

Лыԥсҭазаара далҵит Адиле Аббас-оглы

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: