Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәыбаз: сабду игәараҭа Нестор Лакоба итәарҭан игыларҭан

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Губаз
Эдуард Губаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны аҩажәатәи ашәышықәсаз иалкаау аҭыԥ аанызкылаз, аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Лакоба диижьҭеи 125 шықәса ҵит. Блабырхәа ақыҭа Нестор Лакоба даҭаалон Басиаҭ Барцыц иҩнаҭа. Уи имоҭа Аҟәатәи аботаникатә институт напхгара азҭо Едуард Гәыбаз еиҭеиҳәеит Лакоба идҳәаланы иаҳахьаз ажәабжьқәа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Гәыбаз сабду игәараҭа Нестор Лакоба итәарҭан игыларҭан

"Нестор Лакоба Москвантә,   Қарҭынтә данаауаз, сабду иҿы Блабырхәа ақыҭан  иԥсгьы ишьон, иҿцәажәарагьы бзиа ибон. Нестор дшәарыцуан, сабдугьы уи дазҟазан. Аԥсны сас дахьк данаауаз, сабду игәараҭахь дымҩахигон. Уи атәы аҭоурых аҿгьы иарбоуп. 1934 шықәсазы Сталин Риҵа иԥсы анишьоз ииҭаххеит ԥсыуа ҭаацәарак аҿы днеины ачеиџьыка ифарц. Сталин иҩызцәа ицны сабду игәараҭахь имҩахигеит Лакоба. Сан рыцҳа излалҳәоз ала ахәылбыҽха инеит, шаанӡа итәан. Уа кәашарахеит, хысрахеит. Сталин аԥсуа чеиџьыка даара игәаԥхеит. Сабду диазҵааит ҳамҭас иуҭахыи ҳәа. Сабду еиҳәеит асас аԥсуа игәараҭахь имҩахыҵра шҳамҭоу, уи быжь –насыԥк шицу. Аха уаҳа даниҟәамцӡа еиҳәеит ахәыҷқәа аҵара ахьырҵо ашкол шрымамыз.  Хара имгакәа усҟантәи аамҭала ашкол хазына рыздыргылеит Блабырхәа ақыҭан. Изхысҳәаауа, Нестор Лакоба итәарҭан игыларҭан сабду игәараҭа. Аԥхын ихәыҷы ашкол аҟынтәи даноурыжьуаз, убра ихигон. Сара инаҵшьны иазгәасҭо,  Нестор убасҟак иуаажәлар дырзааигәан, еиласан, иаргьы бзиа дырбон", — иҳәеит Едуард Гәыбаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0