АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә округ афицарцәеи акомандирцәеи аҵара-методикатә еизарақәа мҩаԥыргеит аполигонқәа Гәдоуҭеи Ҵабали рҟны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
"Ауснагӡатә аан афицарцәа рдыррақәа аадырԥшит иҿыцу аметодикақәа рганахьала. Ҷыдала аррамаҵзурауаа адгьылаҵатә коммуникациақәа рықәхреи "аӷа" иобиектқәа амина рыҵаҵареи рзы адыррақәа роуит", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура аацҳамҭаҿы.
Уи адагьы, акомандирцәа акәылӡтәы техника арныҟәарази акәылӡы зқәу атранспортиорқәа БТР-82АМ, атанкқәа Т72Б3, Макаров итапанчеи автоматқәа АК-74 рыла ахысрази анормативқәа нарыгӡеит.
Иааидкыланы ауснагӡатә иалахәын 100-ҩык аррамаҵзурауаа, 40 ак арратә техника.
Апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә округ 2000-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа 2019 шықәса рзы акомплекстә ҽазыҟаҵарақәа ишырхысыз.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿы аруаа изаамҭанытәиу реиҭныԥсахлара мҩаԥысит
Урыстәылатәи арратә еимадаҩцәа ҩышә рҟынӡа ҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит