Урыстәылатәи арратә еимадаҩцәа ҩышә рҟынӡа ҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит

© Foto / пресс-служба ЮВОУрыстәылатәи арратә еимадаҩцәа ҩышә рҟынӡа ҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит
Урыстәылатәи арратә еимадаҩцәа ҩышә рҟынӡа ҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу аполигонқәа рҿы имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа арратә еимадаҩцәеи 70 цыра арратә техникеи.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аимадаҩцәа 2019 шықәса рзы имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵарақәа раан ашьхареи амшынԥшаҳәеи рҟны акәын аиҳарак аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥыргоз ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аокруг апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа разыԥхьагәаҭарала "аӷа" артиллериатә мцала аимадара машьынеи егьырҭ атехникатә хархәагақәеи дрықәлеит, аха иаарласны аштабқәа реимадара шьақәыргылан, аимадарагьы 500 километра иахьаҵанакуа аусура иаларган.

Уи адагьы аимадаҩцәа арадиоԥырхагақәа рҽырцәыхьчареи аинформациа аимдареи еиҿыркаауан.

Аԥсны иҟоу аполигон "Ҵабал" аҿы имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа арратә еимадаҩцәеи 70 цыра арратә техникеи – аппараттә радиоеимадара "Артек", аспутниктә еимадара "Ливень", арадиоимадарақәа "Л1" абрихь иналаҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0