Тҟәарчал ахада Аида Чачхалиаԥҳа лҭыԥ нлыжьырц "лабжьыргеит"

Аида Чачахлиаԥҳа ақалақь ахада инапынҵақәа рааныжьра лгәы иҭаӡам. Лара уи дақәшаҳаҭуп абри азы атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо аусԥҟа инапы аҵеиҩыр.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аполитикатә партиа "Амцахара" ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа зҳәаз, хҩык аҷкәынцәа, Аида Чачахлиаԥҳа Тҟәарчал ақалақь ахада инапынҵақәа аанбыжьроуп ҳәа илызнеиит. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аида Чачхалиаԥҳа лхаҭа.

"Иацы, амш аҩбатәи ахәҭазы хҩык арԥарацәа – Беслан Емырхәба, Лиовеи Дамеии Какәбаа сызнеиит. Дара ирҳәеит Тҟәарчал араион аҿы "Амцахара" ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа. Дара ирҳәеит "хәышықәса бҳачҳаит уажәшьҭа иазхоуп" ҳәа. Шәаазышьҭда ҳәа санҵаа "ажәлар рыхьӡала ҳааит" ҳәа сарҳәеит" - лҳәоит лара.

Убри аан лнапынҵақәа шьҭалымҵар ишеицәахо азы илықәмақарит.

"Ахадара ашә аҳаркуеит, уаҳа бааҳашьҭуам ҳәа рҳәеит. Сара Алхас Кәыҵниа аҭел сизасит. Иара иҳәеит аӡәгьы акгьы инапы ишанимҵаз", - еиҭалҳәоит Чачхалиаԥҳа.

Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Алхас Кәыҵниа иажәақәа шьақәирӷәӷәеит, аӡәгьы усеиԥ дҵа иаҳамҭеит иҳәеит.

Аида Чачахлиаԥҳа ақалақь ахада инапынҵақәа рааныжьра лгәы иҭаӡам. Лара уи дақәшаҳаҭуп абри азы атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо аусԥҟа инапы аҵеиҩыр.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: