Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа: Тҟәарчал ҷыдала азнеишьа зҭаху қалақьуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кварчия
Абессалом Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Абесалом Кәарҷиа иқалақь гәакьа Тҟәарчал амш аҽны арадио Sputnik аҟны игәалаиршәеит ԥаса иаԥсҭазаашьаз, иазгәеиҭеит аԥхьаҟагьы иқалақьны иаанхарц азы азнеишьа ҷыда шаҭаху. Мшаԥы 9, 1942 шықәсазы иаԥҵан Тҟәарчал ақалақь.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кәарҷиа Тҟәарчал иазкны

"Сара сҭаацәа хә-абиԥарак Тҟәарчал ииз иааӡаз ҳауп. Аибашьра ҟалаанӡа Тҟәарчал сыҟан, ҳаԥсҭазаара зегьы иара иадҳәалан. Иахьа даара хьаас иҳамоуп ҳақалақь аҭагылазаашьа. Абри араион алхны ақыҭақәа анадырҵа, агәыӷра ҳаман акахьы икылнагап ҳәа, аха уамак алҵшәа амаиуит. Тҟәарчал иаду ақыҭақәа атәылауаҩшәҟәқәа анроуа инеиуеит акәымзар ус иубаӡом. Ауаа реимадара иҵегьы еизарҳатәын, иазхәыцтәын ақалақь ахь инеиртә, аха дара ашьццылан Гал, еиҳарак Жәыргьыҭҟа рхы хан. Тҟәарчал араион ацентр Оқәым иақәшәоит, иаҳа зегьы иахьырзеиԥшу, аха ақалақь аиқәырхаразы усҟан ус иҟарҵеит. Ҳҳәынҭқарраҟны уадаҩраны иҳамоуп ауаа рмаҷра, ауаҩы дахьыҟам аԥсҭазаара зыҟалаӡом. Тҟәарчалгьы ауаа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иагхоит", - иҳәеит Кәарҷиа.

Иара игәалаиршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа ақалақь аԥсҭазаара зеиԥшраз, иазгәеиҭеит иахьатәи  аҭагылазаашьа аҽамԥсахыр Аҟармара аҳабла еиԥшхар шалшо.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0