Аб Никита (Адлеиба) аӡԥшьа иазкны: алԥха уоуеит лакҩакра умамзар
© Sputnik
"Аӡаахратәи аӡы Анцәаицәырҵратәи аӡԥшьа ҳәа иашьҭоуп. Ҳазшаз иҿаԥхьа ибзиаӡам, иагьҵасым, лакҩакра уманы уазнеиуазар. Ҳәарада, амчгьы алԥхагьы амоуп, амала агәра угозар. Анцәа игәра зго иоуп дзыхәо. Адинхаҵара уланы, Анцәа ицәшәара уманы аӡы уҭалар, аӡынгьы акгьы ухьуам, ахыбзиара, агәабзиара уоуеит", - ҳәа азгәеиҭеит аб Никита.
Аӡаахра мамзаргьы Анцәа ицәырҵра ҳәа изышьҭоу ақьырсианраҟны аныҳәа Иаса Қьырса Иордан аӡиас аҟны инаҭра иадҳәалоуп. Уи аҽны Анцәа даӡәыкны дааԥшит: Аб Анцәа жәҩан аҟынтәи зыбжьы ааиз, Анцәа иԥа Иордан зыҽӡаазхуаз, Аԥсыцқьа аҳәыҳә ԥшра зманы жәҩан аҟынтәи илбааз.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Адунеи ақьырсианцәа Аӡаахра амш азгәарҭараны иҟоуп
Адлеиба: Аӡаахра амш аҽазыҟаҵара иахәҭакуп уи аԥхьа мышкы ачгара