Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиба: Аӡӡаахра амш аҽазыҟаҵара иахәҭакуп уи аԥхьа мышкы ачгара

© Sputnik / Томас ТхайцукНикита Адлейба
Никита Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәыма ақыҭа иҟоу Анцәа иҽеиҭакра ахьӡала иргылоу ауахәама  иахагылоу аиереи Никита (Адлеиба) арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Иаса Қьырса иӡаахра амш аԥхьа ауахәамаҟны аҽазыҟаҵаратә  ныҳәарақәа шымҩаԥысуа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Иаса Қьырса иӡаахра амш аԥхьа ауахәамаҟны имҩаԥырго аныҳәара атәы

"Ахԥатәи ашәышықәса азбжанӡа Иаса Қьырса иира ҳәа иҟамызт аныҳәа, Аӡаахра акәын иҟаз, уи аҽны иазгәарҭон иирагьы ицәырҵра амшгьы. Аԥшьбатәи ашәышықәса инаркны Аӡӡахрагьы аиира амш (Қьырса ныҳәа - аред.) ыҟоуп, аныҳәақәа ҳҽазыҟаҵаны ҳрызнеиуеит. Қьырса ныҳәа аԥхьагьы хәымш инарзынаԥшуа аҽазыҟаҵара цоит, анаҩс уи ашьҭахь Иаса Қьырса иӡаахра аҟынӡагьы. Аныҳәа аԥхьа Анцәа иашьапкра мҩаԥаагоит ауахәамақәа рҟны, иаха, иахьагьы имҩаԥаагеит. Иаса Қьырса данииз инаркны иӡӡаахра аҟынӡа(ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа ) ахашеи ахәашеи ачгара ыҟаӡам (ақьырсиан иашахаҵаратә ԥҟарақәа рыла арҭ амшқәа рзы ачгахьа чыс ауп ауаҩы иифаша - аред.), аха иахьа чгара мшуп, убас уазнеироуп Аӡӡаахра амш, аҽынкылара абри амш аҽазыҟаҵара иахәҭакуп. Иара убас иахьа шықәсык ахь знык имҩаԥырго иҷыдоу аныҳәара ҟаҳҵеит. Ашьыжьтәи Анцәа иашьапкра  иахьатәи асааҭ дуқәа ҳәа рзырҳәоит. Ажәытә Византиа аимператорцәа Анцәа иашьапкра рхы аладырхәуан. Урҭ аннеиуаз идууз асааҭқәа ҳәа рыԥхьаӡон. Иара иахьа имҩаԥысуа Анцәа иашьапкрагьы акыр аамҭа ицоит егьырҭ амшқәа ирҿурԥшуазар", - иҳәеит Адлеиба.

Ажәабжьқәа зегьы
0