Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа алақәа рыцырхырааны аминақәа рыԥшаауан

Аҽазыҟаҵарақәа зегьы мҩаԥысуан ҳаамҭазтәи арратә еимакқәа рԥышәа ахарахәара аҭаны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи Аладатәи округ аруаа алақәа рыцырхырааны аминақәеи афугасқәеи рыԥшаауан ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ААО апресс-маҵзура.

Иара убасгьы атактикатә ҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рыҭан аминаԥшаагақәа "Коршун".

"Аполигон Гәдоуҭа аҟны ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан амина-ԥшааратә лақәа амина зҵаз амҩақәеи аргыларақәеи рыԥшыхәуан, ирыԥшаауан инапылаҟаҵараз, иҵәахыз арԥжәагақәа", - аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Аҽазыҟаҵарақәа Урыстәыла анџьнырцәа Рымш ахьӡала имҩаԥган. Дара ирылахәын арратә база анџьныр- сапиортә ҟәшақәа. Иааидкылан аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын шәҩык рҟынӡа аруааи амаҵзуратә лақәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: