Ахадарахьы акандидатцәа рҭаҩра аԥхьатәи амш азы АКХ ахь аӡәгьы дыдымгылеит

Аԥсны ахада еиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы. Акандидатцәа ашәҟәы рҭаҩра мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 22 инаркны жәабран 11 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik. Атәыла ахадарахь акандидатцәа аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҟынтәи ашәҟәы рҭаҩра аамҭа ишалагазгьы Аԥсны АКХ ахь аԥхьатәи амш азы аӡәгьы дымнеиит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит АКХ амаӡаныҟәгаҩ Ануш Ходжикиан.

АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа ҟалоит хәажәкыра 22 рзы

Аиҭабжьыҭира амҩаԥгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит ажьырныҳәа 10 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иашоуп ҳәа ианазнеи ашьҭахь.

Аԥсны ахада еиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы. Акандидатцәа ашәҟәы рҭаҩра мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 22 инаркны жәабран 11 рҟынӡа.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада ажьырныҳәа 15 рзы ишьақәнарӷәӷәеит ахада иеиҭалхрақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵаразы амзартә план.

Аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рҭаҩреи акандидатцәа рықәыргылареи ҟалоит ажьырныҳәа 22 инаркны жәабран 11-нӡа.

Ахадарахьы акандидатцәа рҭаҩра ҟалоит адокументқәа аналарҵаз инаркны жәамш ирҭагӡаны, аха алхрақәа рыҽнынӡа 30 мшы шагу иахымгакәа, даҽакала иуҳәозар жәабран 21-нӡа.

Алхыҩцәа рсиақәа цәырыргоит алхрақәа жәамш шрыгу (хәажәкыра 12 инаркны). Убри аамҭазы абжьыҭара аамҭеи аҭыԥи алхыҩцәа ирыларҳәоит.

Ахада иалхрақәа рҽырзыҟаҵара аплан

Алхырҭатә ҭыԥқәа ркомиссиақәа алхратә биуллетенқәа рзыршоит хәажәкыра 20, 21 рзы.

Ахада иеиҭалхрақәа рааны абжьыҭара ҟалоит хәажәкыра 22 асааҭ 08:00 - 20:00 рзы.

Абжьыҭирҭа ҭыԥқәа аартхоит Москвеи Нхыҵ Кавкази.

Сҭампыл аартра азҵаара макьаназы иалацәажәам.

Аҵыхәтәантәи алхрақәа раантәи аԥсахрақәа шыҟац иаанхоит. 2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар рҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: