Алингвистикатә комиссиа атәыла ахадарахь акандидатцәа рзы аԥышәара дырӷәӷәоит

© Sputnik / Бадри ЕсиаваЗаседание лингвистической комиссии в Центризбиркоме Абхазии
Заседание лингвистической комиссии в Центризбиркоме Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны алхратә комиссиа аӡбрала Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Алингвистикатә комиссиа атәыла ахадарахь акандидатцәа рзы рҭахрақәа дырӷәӷәоит, иҳәоит алингвистикатә комиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ Валентин Коӷониа.

"Атәыла ахада ихатәы бызшәа аӡеиԥш идыруазароуп. Аилацәажәарақәа, абрифингқәа, аинтервиу аԥсышәала имҩаԥигалароуп. Сара раԥхьаӡа акәны абри акомиссиа салахәуп азы исцәыуадаҩуп уаанӡатәи акандидатцәа рыҩаӡара атәы аҳәара. Уажәы ҳара иҳаӡбеит ҳҭахрақәа еиҳа иҳарӷәӷәарц", - азгәеиҭеит Коӷониа.

Алингвистикатә комиссиа аилатәара мҩаԥысит ажьырныҳәа 21 рзы. Коӷониа иажәақәа рыла ирылацәажәан аԥышәарақәа рыҭира аформат, арыцхә. Алингвистикатә комиссиа аԥышәарақәа мҩаԥнагараны иҟоуп ажьырныҳәа 27, 31; жәабран 3, 7, 10, 11 рзы.

АКХ алхранӡатәи аусмҩаԥгатәқәа рплан - Sputnik Аҧсны
Ахада иалхрақәа рҽырзыҟаҵара аплан

"Имҩаԥгахараны иҟоу ишиашоу ицо аефирқәа рҟны акандидатцәа ахатәы бызшәала ицәажәаларц азаҳаԥхьаӡоит", - иҳәеит Коӷониа.

Абри аԥҟара еилазгаз иганахь ала Аԥсны АКХ асанкциақәа аднакылароуп ҳәа иҳәоит иара.

Акомиссиа иалоуп хәҩык ауаа – ААУ апрофессор Алықьса Касланӡиа, адоцент Баҭал Хагәышь, Аԥсуаҭҵааратә институт апрофессор Леонид Саманба, ААУ адоцент Диана Аџьынџьал, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ Валентин Коӷониа.

Аԥышәара ашьҭахь акандидат ирҭоит уи аихшьаалақәа шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭга, Алхратә комиссиа Хадахьы анагаразы. Аршаҳаҭга аҟамзаара ма иҵоурам алкаақәа иалдыршоит акандидат аҭаҩра иахыжьра мап ацәкра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0