Арратә округ аруаа аихеихаԥсатә техникала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база атанкистцәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит автодромқәеи атанкодромқәеи рҟны. Еиҳа иԥсабаратәхарц азы ара еиҿкаан ажрақәа, аԥынгылақәа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә базахь ҿыц арра инарыԥхьаз аихеихаԥсатә техника арныҟәаразы аҵаратә-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Уаанӡатәи адыррақәа рыла Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база атанкистцәа ииасыз ашықәс иаҿырԥшны атанкқәа рырныҟәареи ахысрақәа рымҩаԥгареи аҟны рдыррақәа 10% рыла ирыздырҳаит. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ Апресс-маҵзура.

"Ииасыз ашықәс аҩнуҵҟа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа руснагӡатәқәа рыҽрыладырхәит 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 60 рҟынӡа арратә техника, атанкқәа Т-72Б3 рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит, убри аан инырхит 400 000 танктә снариад, аџьаԥҳаны. Уажәы имҩаԥааго аҵара-ҽазыҟаҵарақәа раан ҿыц арахь иааԥхьоу ашьха ӡиасқәа, ахаҳә еиҿажьрақәа, ақәҵәрырҭақәа рхысра рҽазыршәоит. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит автодромқәеи атанкодромқәеи рҿы автомашьынақәа "КамАЗ", "УАЗ", "ГАЗ", акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-82АМ, атанкқәа Т-72Б3 рыла", - аҳәоит адырраҭараҟны.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу аполигонқәа Ҵабал, Нагвалоу, Гәдоуҭа, Адыгеиатәи аполигон Маикопски рҿы ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны. 2020 шықәса лаҵарамзанӡа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхараны иҟоуп 800-ҩык инарзынаԥшуа аԥышәа змоуи арныҟәцаҩцәа ҿарацәеи, урҭ ирхысраны иҟоуп 50 нызқь километр амҩақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: