Еиҩызцәахаз аблогерцәа хҩык, мамзаргьы Инстаграм ауаа шеиднакыло

Сынтәа жәашықәса ахыҵуеит адунеи аҿы ахархәара ду змоу асоциалтә ҳа Инстаграм. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳтәылаҿгьы зхатә блог мҩаԥызго ахархәаҩцәа цәырҵит. Инстаграм ала ухы узныҟәгома? Аинтерес аҵоума? Иабанӡауадаҩу? Хҩык аԥсуа блогерцәа арҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Sputnik

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Уаҳа ус рымамкәа иҟам

Саид Инаԥҳа "Abhaz Ora" абжьаратә школ даналга, арратә ҵараиурҭаҿы иҵара иациҵарц иӡбеит, арра анихига ашьҭахьгьы, аамҭак азы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны аус иуан. Дук мырҵыкәа арԥыс инапы злакыз азанааҭ игәы анахшәа, ԥыҭраамҭак аҳҭнықалақь аҟны машьынарныҟәцаҩыс аус иуан. Саид иажәақәа рыла, иара еснагь игәы инаҭон урҭ азанааҭкәа иара ишицәыхароу, ихы ахьизыԥшаауа, агәалаҟарагьы изҭо аус зынӡаск урҭ шракәым.

2019 шықәса алагамҭазы иара иусура ааныжьны асоциалтә ҳа Инстаграм аҟны идаҟьа аус адиулаларц иӡбеит. Лассы-лассы уахь иҭаигало, ахәаԥшцәа злеизиго тема хаданы ишьҭихит алаф – иара игәанала зегьы еилыркаартә еиԥш иласу, узырлахҿыхуа.

Вартан Мумџьиан диит Аҟәа, далгеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет. Дбиохимикуп, изанааҭ хада ала аус иуеит. 2016 шықәса инаркны Вартан асоциалтә ҳа Инстаграм аҟны "Наш Сухум" ҳәа хьӡыс измоу адаҟьа аԥҵаны имоуп. Иахьатәи аамҭазы уи иаҵаҩу ахархәаҩцәа рхыԥхьаӡара 16 нызқьҩык ирҭысхьеит.

Аблогер иажәақәа рыла, зхы иақәиҭу аамҭа анимоу бзиа ибаӡом аҟнытә, еснагь акы дазкызар иҭахуп. Иара убас Вартан иазгәеиҭеит Аԥсны аԥшӡара атәым милаҭқәа рхаҭарнакцәа иргәаԥхартә еиԥш дырбара хықәкы хадас ишимоу.

"Ҳара аӡәы ҳиаԥысып, мамзаргьы аӡә иаасҭа еиӷьны акы ҟаҳҵап ҳәа ҳаихаӡом. Иаҳгәаԥхо, ҳгәалаҟара шьҭызхуа аус ҳаҿуп, убри ауп зегь раасҭагьы ихадоу", - иазгәеиҭеит Вартан. 

Арҭ аҩыџьа ҩызас даарывагылеит Александр Мурузиди. Иара амилаҭ кәашарақәа рхырхарҭала ахореографиатә ҵараиурҭа далгахьеит, аха иахьатәи аамҭазы иҩызеи иареи еиҿыркааз аҩныргыларатә наплак маҷ ауп ихадоу иусура. Аамҭак азы ихатәы студиа аартра гәҭакыс ишимазгьы, Александр кәашаҩык иаҳасабала иҵегьы аизҳара иҭахымхаӡеит.

"Чарак аныҟоу, мамзаргьы аиҩызцәа џьара ҳанааидтәалало, ахьышәҭҳәа саақәланы скәашартә сыҟоуп. Схазы издыруаз, уи акгьы исԥырхагам", - длафуеит иара.

Хҩык "р-хаип"

Арҭ ахҩык Инстаграм ишеибанардырыз, аусеицура ишаланагалаз абас ауп.

Иаҳхысыз ашықәс нанҳәа 7 рзы гәыԥҩык аҿар амҩатә машәырқәа ирҿагылаз акциа Аҟәа имҩаԥыргеит. Амашьынақәа ирыддырҷаблоз абӷьыц хәыҷқәа зықьцыра аҿар амҩақәа рҟны аццакра ишаҿагыло аарԥшра акәын хықәкы хадас ирымаз. Ари аусмҩаԥгатә ателехәаԥшреи, асоциалтә ҳақәеи, аинформациатә хархәагақәеи рҟнытә азхьаԥшра бзиа аиуит.

Уи аҽны инаркны Инстаграм аҳәаақәа рҟны аусеицура иалагеит уаанӡа еибазымдыруаз Вартан Мумџьиани Саид Инаԥҳаи еицырзеиԥшу рҩыза, "аԥсуа бырзен" (apsua_grek) ҳәа зхы иазызҳәо Александр Мурузидии ибзоурала.

Арԥарцәа русеицура аханатәгьы алҵшәа бзиақәа аанаго иалагеит. Есааира досу рдаҟьақәа рҟны еиҳа аинтерес зҵаз аперсонажцәа цәырҵуан, агәҭакқәеи аидеиа ҿыцқәеи ииуан, иазҳауан ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡарагьы. Аха аблогерцәа ражәақәа рыла, дара иаадырԥшуа алаф еснагь ишиашоу ахәаԥшҩы изнаргаӡом, зны-зынла хәмаршақә иаадырԥшуа атема аҩнуҵҟа иҵәахуп иаразнак улаԥш зқәымшәо аҵакы.

Иаҳҳәап, анҵамҭаҿы ароль хада анаркоман иперсонаж ианимоу, уи арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рӡыргара, мамзаргьы рзыразра акәӡам иаанаго. Арԥарцәа ражәақәа рыла, арҩашьыга иахьыԥшу ауаҩы данаадырԥшуа, уи анҵамҭа иахәаԥшуа аҿар заҟа дыччархәу, иара иеиԥшхара зынӡагьы ишаԥсам ддырбоит. Дара ражәақәа рыла, арҭ анҵамҭақәа зегьы еиԥшны ирыдыркылаӡом, аҵәы иахазҵогьы рацәаҩуп.

"Like абиԥара": изеиԥшроузеи иахьатәи "ҳҭоурых"

Раԥхьаӡатәи еицырзеиԥшыз авидеонҵамҭагьы ахәаԥшцәа рыҩнуҵҟа азҵаара рацәа цәырнагеит. Асиужет ахаҭа злаҟоу ала, арԥарцәа руаӡәы Аԥсны асасдкылашьа далацәажәоит, аҳәаанырцә дызбо зегьы ирабжьигоит атәыла иаҭаарц. Аҵыхәтәан, "ааԥхьаҩ" дҵәылызхуаз ҩыџьа амшгаҩцәа ахәышәтәырҭаҿы инанагоит аҟнытә, аҭыхымҭа акритика азызуз рацәаҩхеит.

"Абжеиҳараҩык гәахәарыла ирыдыркылеит ҳара ҳлаф, аха иҟалеит изгәамԥхаз, Аԥсны ахаҿра бжьышәхуеит, аҭааҩцәа шәыршәоит ҳәа ҳазҳәаз ахәаԥшцәагьы. Ҳара акритика ҳақәшаҳаҭуп, аха уи хык аманы, маанак аҵамҵакәа иҳәазар ҳҭахуп. Ҳхаҭара бжьышәхуеит, ауаа шәыршәоит ҳәа ҳазҳәаз ракәзар, адырраҭара "Аҷаԥшьаратә хәҭа" иахәаԥшырц рабжьаҳгеит", - еиҭарҳәоит аблогерцәа.

Афантазиа аус анарутәу

Инстаграм аҟны аус здыруло рдаҟьақәа арԥарцәа усурак аҳасабала иазнеиуеит. Ус анакәха, еилкаауп уи иалҵшәаны аҟәрышьгьы ишазыԥшу. Аха аблогерцәа ражәақәа рыла, макьана акы рхадыршәалартә аҟынӡа имнеиӡац, уажәазы хшыҩзышьҭра зырҭо анапаҵаҩцәа реизгара ауп.

Хәышықәса зхыҵуа Краснодартәи аблогер хәыҷ лырҳамҭала ахԥатәи аҭыԥ аанылкылоит

Аудиториа аизгара – уи актәи шьаҿоуп, аха изланукылаша акы умыӡбалар, ишааиз еиԥш ицаргьы ҟалоит. Саид иажәақәа рыла, идаҟьаҿы иааирԥшуа ауаа ихы иҭихәыцӡом, икәша-мыкәша иҟоу ахаҿсахьақәа ааигоит. Иаҳҳәап, Вахои Мананеи ҳәа зыхьӡиҵаз хаҵеи ԥҳәыси рҿырԥштәала иара аԥсуа ҭаацәара аҩнуҵҟа иҟалало аҭагылазаашьақәа алафахь ииаганы иааирԥшуеит.

Анҵамҭақәа рҟны ицәажәашьа баша-маша агхақәа шаимҭогьы иҳәеит Саид. Убри ала иара дахлафуеит аурысшәа ҽеила иззымдыруа, аха имодоуп ҳәа ишакәхалакгьы аҳәара зҽазызшәо иахьатәи аԥсуаа џьоукы-џьоукы рцәажәашьа.

"Аинтернет аҟны иҟоуп ахақәиҭра. Ус анакәха, алаф аформа аҭаны ҳгәаанагара ҳҳәарц алшара ҳанаҭоит. Ҳәарада, иахмырҟьацәакәа", - иациҵеит иара.

Арԥарцәа рыгәҭакқәа рацәоуп, рнапы зларкыз аус аҟны иаангылап ҳәа ргәы иҭаӡам. Дара ражәақәа рыла, Каха, Серго, Жьулверик реиԥш иҟоу Урыстәылатәи аблогерцәа ԥыҭҩык рыҽрымардахьеит, аусеицуразы иҟарҵахьеит актәи ашьаҿақәа.

Аинтернет ииашаны ахархәара занааҭхеижьҭеи акрааҵуеит, аха ҳара ҳзы, зегьакоуп, макьана иҿыцуп. Иҟоуп алафҳәара зҭаху аԥсуа блогерцәа, иарччо - уи даҽа зҵаароуп. Ҳаамҭазтәи аԥсуа лаф ҳәа ахьӡҵаны иҿыцу бзиак рызцәыргаргьы ҳбап. Аха аччара баҩ алоума ҳәа ашәҟәыҩҩыгьы баша иҳәарымызт.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: