Аҟәатәи аҿкыратә хәышәтәырҭахь ԥсҳәынтәи иааргаз ачымазаҩцәа ргәабзиара ҭышәынтәалоуп

Абнаԥстәы ажьы зфаны зҭагылазаашьа бааԥсхаз ҩыџьа ауаа аҟәатәи аҿкытә хәышәтәырҭахь иааган.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Аҟәатәи аҿкыратә хәышәтәырҭахь ԥсҳәынтәи иааргаз ачымазаҩцәа ргәабзиара ҭышәынтәалоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәатәи аҿкытә хәышәтәырҭа ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы Мадина Быҭәԥҳа.

Ажьырныҳәа 27 рзы АҶА авертолиот ала Аҟәатәи аҿкытә хәышәтәырҭахь иааргеит абнаԥстәы ажьы зфаны зҭагылазаашьа бааԥсхаз ҩыџьа ауаа.

"Иахьа рҭагылазаашьа акыр еиӷьуп. Ршоура каҳаит. Иахәҭоу ахәышәтәра рзыҟарҵоит. Аԥхьатәи рдиагноз трихинеллез ауп. Дара ишырҳәаз ала абынҳәа ажьы рфеит. Иҟалаҵәҟьаз аилкааразы анализқәа рҭак ҳауроуп", - лҳәеит лара.

Быҭәԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит абнаԥстәы акәацгьы аекспертиза иахыжьтәуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: