Аҟәатәи аҿкыратә хәышәтәырҭахь ԥсҳәынтәи иааргаз ачымазаҩцәа ргәабзиара ҭышәынтәалоуп

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория иммуноферментных исследований, архивное фото
Лаборатория иммуноферментных исследований, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абнаԥстәы ажьы зфаны зҭагылазаашьа бааԥсхаз ҩыџьа ауаа аҟәатәи аҿкытә хәышәтәырҭахь иааган.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Аҟәатәи аҿкыратә хәышәтәырҭахь ԥсҳәынтәи иааргаз ачымазаҩцәа ргәабзиара ҭышәынтәалоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәатәи аҿкытә хәышәтәырҭа ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы Мадина Быҭәԥҳа.

Ажьырныҳәа 27 рзы АҶА авертолиот ала Аҟәатәи аҿкытә хәышәтәырҭахь иааргеит абнаԥстәы ажьы зфаны зҭагылазаашьа бааԥсхаз ҩыџьа ауаа.

"Иахьа рҭагылазаашьа акыр еиӷьуп. Ршоура каҳаит. Иахәҭоу ахәышәтәра рзыҟарҵоит. Аԥхьатәи рдиагноз трихинеллез ауп. Дара ишырҳәаз ала абынҳәа ажьы рфеит. Иҟалаҵәҟьаз аилкааразы анализқәа рҭак ҳауроуп", - лҳәеит лара.

Быҭәԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит абнаԥстәы акәацгьы аекспертиза иахыжьтәуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0