Арадио

Арҷелиаԥҳа илҳәеит Аԥсны агрипп чымазара зыхьыз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара шырацәоу

Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапиа аҟәша аиҳабы Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит ҳтәылаҿы агрипп чымазара зыхьыз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара шырацәоу атәы.
Sputnik
Арҷелиаԥҳа илҳәеит Аԥсны агрипп чымазара зыхьыз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара шырацәоу

"Ачымазаҩцәа даара ирацәахеит, ашықәс ҿыц ҳанҭалоз иаҳа имаҷын. Уажәы авирусттә чымазара иахҟьаны агәаҵәкра змоу рацәоуп, урҭ рахьтә иҟоуп агәаҵәкра иахылҿиааз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны зыԥсҭазаара иалҵызгьы. Дара ахәышәтәырҭахь ианааргагьы рҭагылаазашьа уадаҩын, қәрала урҭ 42-45 шықәса иҭагылан. Ачымазара злалаз ауаҩы иаразнак аҳақьым ихы иирбароуп, ишоура халама, аимҳәара далагама, иаразнак ахәышәтәырҭахь днеироуп. Агрипп ицәырҵыз даара иӷәӷәоуп, ауааԥсыра рзы даара ишәарҭоуп, еиҳарак ачымазаҩцәа рзы. Авирустә чымазарақәа: аҳәа агрипп, акороновирус ауаа гәымхақәа алабораториақәа рҿы идырҿиаз авирусқәа роуп, иара ҷыдала аус зуа ауаа ирзырхоуп, урҭ ршьара иқәнарҟьоит, убри аҟнытә хәыҷы-дуи ргәырҽанызароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Арҷелиаԥҳа.

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: