Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа: ауаа лассы-лассы ахьҭалалареи агрипп чымазареи рцәеилагоит

© Sputnik / Зафас Гамгия Аслан Джопуа
Аслан Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацхыраара ласы аҳақьым хада Аслан Џьапуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит аӡын аамҭазтәи ОРВИ ҳәа изышьҭои ачымазарақәеи агрипп чымазареи ауаа лассы-лассы ишырцәеилаго.
Џьопуа: ауаа лассы-лассы ахьҭалалареи агрипп чымазареи рцәеилагоит

"Ауаҩы ишоура анхала, ихы ҽеимкәа ибазар, ацхыраара ласв даԥхьар ауп. Зегьы еилыркаауазароуп ахьҭа алалареи агрипп чымазареи шеиԥшым. Агрипп чымазара ахыхь ду ацуп, ауаҩы имцашоура иаалырҟьаны иҳаракхоит. Дара еилзырго аспециалист иоуп убри аҟнытә ахалахәышәтәра аҭахым. Ҳара иҳамоуп азин иарбан хәшәқәоу ачымазаҩ ижәша иҵаҳәара, аха аҩны дышьҭаҵаны ахәшәтәра  - мап", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0