Урыстәыла атәылауаа апровинциа Хубеи ралгаразы аиҿцәажәарақәа цоит

Авирус ҿыц ахы ахьцәырнагаз Китаитәи апровинциа Хубеи аҟны иҟоу 140-ҩык урыстәылаа. Дара арегион рызныжьуам ачымазара аҿкра аԥырҟәҟәааразы иалагалоу аԥкрақәа иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Пекин иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа анапхгареи китаитәи амчрақәа рхаҭарнакцәеи еилацәажәоит Урыстәыла атәылауаа апровинциа Хубеи ралгаразы, абри атәы аанацҳауеит адипмиссиа асаит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны атәылауаа Китаиҟа имцарц рабжьыргоит

Макьаназы адипломатцәа ишырҳәо ала атәымтәылауаа апровинциа ралҵра асхема аус адулам. Иҟоу адыррақәа рыла абри апровинциаҟны иахьазы 140-ҩык урыстәылаа ыҟоуп.

"Аҭыԥантәи амчрақәа азыхиоуп атәымтәылауаа ацхыраара рыҭара, аха макьаназы иҟоу арежим шыҟоу иаанхарц рҽазыршәоит. Атәымтәылауаа ирабжьыргоит иахьыҟоу аҭыԥқәа ирхымсырц, ачымазара азыԥхьагәаҭара аԥҟарақәа нарыгӡаларц", - аҳәоит асаит адырраҭараҿ.

Китаитәи амчрақәа ԥхынҷкәын 31 2019 шықәса рзы алаҳәара ҟарҵеит идырым ачымазарахк ахы цәырнагеит ақалақь Ухань аҿы ҳәа. Аҟазауаа ишьақәдыргылеит ачымазара цәырызгаз коронавирус ахк ҿыц - 2019-nCoV шакәу.

Китаи анапхгара официалла ирҳәеит авирус ауаҩы иҟынтәи ауаҩ иахь еиҭасуеит ҳәа. Убри аан иара еиҳарак ииасуеит ҳауала. Амедицина аусзуҩцәа авирус еиҭа аҽаԥсахыр ҟалоит ҳәагьы рҳәоит.

Коронавирус - 2019-nCoV Китаи аҳәаақәа ирҭыҵны Алада Кореиа, Иапониа, ЕАА, Таиланд, Сингапур, Гонконг, Австралиа атәылақәа рҟны иҟоуп ичмазаҩхаз ауааԥсыра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: