АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа ахысразы атактикатә ҵара-зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит аполигон "Ҵабал" аҟны ҳәа ааицҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.
"Аӷа" иехсуан агаубицақәа Д-30и 120-миллиметра згәыцә ыҟоу аминометқәа "Сани" рыла. Артиллериа аҳасабтәқәа анапхгаратә пункт аҟынтәи иаашьҭыз акоординатқәа ириехсуан. Ихысцыԥхьаӡа артиллеристцәа рҭыԥ рыԥсахуан.
Акоординатқәа рганахь ала адыррақәа ҟарҵон аԥырҩы дызмам ахархәагақәеи аԥшыхәратә комплексқәеи, аимадара анапхгара КРУС "Стрелец" рҟынтәи.
Аҽазыҟаҵараан аррамаҵзурауаа иршьаҟьеит "аӷа" ихысырҭатә ҭыԥқәа. Аҭагылазаашьа излалшоз ала аибашьратә ҭагылазаашьа иазырааигәаны имҩаԥган.
Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, 80 инареиҳаны арратә техника, ареактивтә системақәа "Градгьы" абрахь иналаҵаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа алақәа рыцырхырааны аминақәа рыԥшаауан
Урыстәылатәи аруаа "Гради" "Акациеи" рыла ахысрақәа мҩаԥыргоит