Шенгентәи авиза аиура аԥҟарақәа еиҭакхоит

Урыстәылеи жәабала егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рзы шенгентәи авиза аиура ахәԥса шыҟоу иаанхоит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 3- Sputnik. Жәабран 2 2020 шықәса инаркны амчра аиуеит Евроеидыла авизатә закәанеидкыла. Авизақәа уажәшьҭарнахыс рыҭара аԥҟара еиҭакхоит.

Аҳәаанырцәтәи аԥсшьацәа авиза рыҭара ырмариахоит

Аконсулт еизгарақәа ишыҟаз еиԥш 35 евро иҟоуп аха амаҵзурақәа рзеиԥшхәыԥса еиҳахоит. Амаҵзуратә еизга ҿыц 30 евро еиҳам.

"Библио-Глобус" аинформациала 60 - 80 рыла еиҳахоит аҳәаанырцә атәылауаа рзы авиза аиҿкаара, урҭ авизатә режим армариаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарымҩызар.

Урыстәылаа авиза аҿҳәара анҵәара уаанӡа хымз шагыз акәзар аиҭавизазы адокументқәа нарышьҭыр аналшоз уажәшьҭарнахыс фымз шыбжьоу инарышьҭыр ҟалоит.

АТОР адыррақәа рыла 2019 шықәсазы Евроеидгыла атәылақәа урыстәылаа ирырҭеит 3,6 миллион виза.