Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа иааныркалеит закәаншьаҭада аҳәаа иахыргарц изҿыз аҭаҭын

Аӡәы азин имоуп знык ала 200 цыра аҭаҭын аҳәаа ахыгара, аха уи аԥҟара еилазго маҷҩым.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәеи аҳазалхыҩцәеи 2020 шықәса раԥхьатәи амзазы Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны иааныркылеит ашәҟәы иҭагаламкәа, закәаншьаҭада аҳәаа иахыргарц изҿыз 8000 ҭоԥ аҭаҭын аалыҵ. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Лгәы иауам: ҳтәылауаҩԥҳәыс ԥшьынтәуп аҭаҭын аҳәаа ишахылгоз дақәыркуеижьҭеи

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ашьаҟамҩатәи амашьынамҩатәи цәаҳәақәа рҟны агәаҭарақәа раан иаанкылан 410 нызқьмааҭ рыхә зыртәо аҭаҭын аалыҵ. Уи - 8 350 ҿыҳәара инаӡоит.

Евро-Азиатәи аекономикатә еидгыла атәыла лахәылацәа рҵакырахь аӡәы азин имоуп знык ала 200 цыра асигарет аҳәаа ахыгара, аха уи аԥҟара еилазго маҷҩым.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада аҳәаа ахыгара зҽазызшәо рацәаҩуп.

Убас, Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәеи аҳазалхыҩцәеи 2020 шықәса раԥхьатәи амзазы Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны иааныркылеит ашәҟәы иҭагаламкәа, закәаншьаҭада аҳәаа иахыргарц изҿыз 8000 ҭоԥ аҭаҭын аалыҵ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: