Озган ишьра далахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟаз ахаҿы абахҭаҟны дыршьит

Заанаҵтәи адыррақәа рыла Асҭамыр Ӡиӡариа дшьын жәабран 4 ауха Дранда абахҭаҿы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Дмитри Озган ишьра далахәын ҳәа зыхьӡ ҳәаз Асҭамыр Ӡиӡариа дшьын Дранда абахҭаҿы, жәабран 4 ауха. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада асаит.

Дочиаԥҳа лӷьычреи Озган ишьреи рзы ахарадҵара рыларҳәоит жәабран 13 рзы

"Аԥсыбаҩ агәаҭараан ишьақәыргылан Ӡиӡариа ицәеижь ахәрақәа жәпакы аман ҳәа. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ҭҵаауп, иаԥҵоуп аӡбара -медицинатә експертиза, имҩаԥыргоит аоператив-ҭҵааратә уснагӡатәқәа ацәгьа зуз ахаҿы ишьақәыргыларазы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥҳәыс лӷьычра иалахәын ҳәа иԥхьаӡоуп: Асҭамыр Ӡиӡариа, Геннади Блаб, Арден Чантуриа, Џьумбер Аҩӡба. Дмитри Озган ишьра иалахәны иԥхьаӡоуп Асҭамыри Алхаси Ӡиӡариаа. Дмитри Озган иакәзаргьы Ирина Дочиаԥҳа лӷьычра далахәылан ҳәа азгәаҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: