Арлан: Ирина Дочиаԥҳа лхы дақәиҭтәын

© Sputnik / Томас ТхайцукАшәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Владимир Арлан.
Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Владимир Арлан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ирина Дочиаԥҳа, ԥхынгәы 2 2016 шықәса рзы зыҩнаҟынтәи ирӷьычыз лхы дақәиҭыртәит нанҳәа 17 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ирина Дочиаԥҳа лхы дақәиҭтәуп хшәаада, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура имҩаԥнагаз аоператив-ԥшааратә усурақәа ирылҵшәаны, урыстәылатәи рколлегацәа алархәны иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Владимир Арлан.

"Иҟоу аинформациала Ирина Дочиаԥҳа иахьазы лыҩны дыҟоуп, лгәабзиареи лыԥсҭазаареи шәарҭа иҭагылам. Уажәазы аусурақәа мҩаԥысуеит аумҭа аҿазҵази иназыгӡази рыԥшааразы", — иҳәеит иара.

Ирина Дочиаԥҳа лхақәиҭтәраан амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа рҟынтәи аӡәгьы ааха имоуит. Ирина Дочиаԥҳа лхақәиҭтәразы ауснагӡатәқәа данырӷьыч аҽны инаркны ихацыркын.

Ирина Дочиаԥҳа дырӷьычит 2016 шықәса ԥхынгәы 2 рзы, ахәылбыҽха асааҭ 23:40 мск рзы Аҟәа, Леон имҩа, аҩны 31 аҟынтә.

Ԥхынгәы 4 рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит.

Нанҳәа 16 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба алаҳәара ҟаиҵеит Ирина Дочиаԥҳа дахьыҟоу азы аинформациа иаша ҟазҵо миллион мааҭ шиҭахо азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0