Амилициа аусзуҩцәа Апарламент аԥхьа игылаз амшьамбақьалақәа ықәыргеит

Акоррупциа иаҿагыло азакәан адкыларазы ақәԥаҩцәа жәабран 4 рзы Апарламент аԥхьа еизеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Акоррупциа иаҿагыло азакәан адкыларазы ақәԥаҩ Џьансыхә Адлеиба амилициа рахь иԥхьеит.

Адлеиба иажәақәа рыла амчратә усбарҭақәа акциа ааныркыларц иалагеит Апарламент аԥхьа игылаз амшьамбақьалақәа ықәго.

Акоррупциа иаҿагыло азакәан адгылаҩцәа Апарламент аҿаԥхьа иаанхарц рыӡбеит

Абри ашьҭахь амилициахь днарыԥхьеит Адлеиба ихаҭа аҿахәҿыхразы.

"Ҳара амилициа рахь ҳааит. Апарламент ахь ҳазнеиз азы иҟоу шыҟоу иаҳҳәеит", - иҳәеит иара.

Активистцәа дрыҿцәажәеит Аҟәа ақалақьтә милициа аусбарҭа аиҳабы Адгур Кәыҵниа. Иара акциа шәаҟәыҵ ҳәа рабжьигеит.

"Ас ҳабжьыргоит аха уи ииашам мҩоуп. Сара уажәшьҭа иҟасҵо здыруеит", - иҳәеит Адлеиба.

Акоррупциа иаҿагыло азакәан адкыларазы ақәԥаҩцәа жәабран 4 рзы Апарламент аԥхьа еизеит. Еизаз адҵа ҟарҵоит акоррупциа иаҿагыло азакәан хымԥада ирыдыркыларц. Жәабран 6 рзы Апарламент адепутатцәа рсессиаҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала азакәан рыдыркылап ҳәа иԥшуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: