"Иахьа иаҳбо аӡиа Риҵа аҵаара аҳауа хьшәашәа анеира иахҟьеит. Ас еиԥш иҟоу ацәырҵрақәа ари аҭыԥ аҟны хәышықәса рахьынтә знык мамзаргьы ҩышықәса рахьынтә знык иҟалар алшоит. Сынтәа аҳауа хьшәашәа иахҟьаны, иара ашьха ҭыԥқәа рҷыдарагьы ҳасаб азуны ҳазҭоу амзазы амшын иаԥну адгьылқәа рҟынгьы акыр ихьшәашәарахоит, аҵаақәагьы ҟалоит арҭ амшқәа рзы", - лҳәеит Ахсалԥҳа.
Иара убас Асида Ахсалԥҳа илгәалалыршәеит 2008 шықәсазы аӡиа Риҵа уқәчаразыртә еиԥш ишҵааз. Аӡиаҟны иқәгылоуп автоматикатә станциа, аҳауатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу узырбо.
"Аӡы ҵаауеит, аха сынтәа иеиԥшны 2008 шықәсазы иҟан аҭагылазаашьа. Акырӡа ихьшәшәаран Аԥсны аибашьра анцоз ашықәсан, аха сынтәа уи ашықәс иаҿырԥшны шаҟа иаҳа иԥхарроу сызҳәом, избанзар астанциаҟынтәи арбагақәа макьана иҳамам", - лҳәеит Ахсалԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аӡиаҟны ақәчаразразы аҵаа аҿыгҳара метрак еиҵамзароуп ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Убла хызкуа ассир: аӡиа Риҵа аҵаа хылеит