Убла хызкуа ассир: аӡиа Риҵа аҵаа хылеит

© Foto / dikhagbaУбла хызкуа ассир: аӡиа Риҵа аҵаа хылеит
Убла хызкуа ассир: аӡиа Риҵа аҵаа хылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьхараҿы асы шлеиц илеиуеит. Риҵа ишьҭоу асы аҿыгҳара метрак иҩаӡоит. Аӡиа ахаҭа акәзар, иҵааркхеит.

Абарҭ амшқәа рзы Риҵа иаҭаауа асасцәа ари илабҿабахаз алакә асахьа ҭыхны рсоциалтә даҟьақәа рахь иҭаргалоит.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аӡиа Риҵа шамахамзар ихҵаалом, аха сынтәа абжьааԥны иеиԥшымхеит.

Instagram ахархәаҩ Dikhagba лышьыжь хацыркхеит сыла иҭалаҳау Риҵа асахьақәа рҭыхрала.

Посмотреть эту публикацию в Instagram

Снежный плен#❄️❄️❄️❄️

Публикация от @ dikhagba

Посмотреть эту публикацию в Instagram

Публикация от @dikhagba

"Ҿык-бзык иазымҳәо ассирра", – абас иҩуеит Instagram аҟны Мymood ҳәа аник змоу ахархәаҩ. Ицәаныррақәа раарԥшразгьы ихы иаирхәеит хыԥхьаӡара рацәала аемодзиқәа.

Посмотреть эту публикацию в Instagram

#Рица😍 неописуемая красота 😍🏔❄️🌨⛄️

Публикация от Republic of Abkhazia🇹🇬 (@_mymood____)

Риҵа аԥшӡара дзаҩымсит Аpsar_village, иара апанораматә видео асоциалтә ҳақәа ирызӡыригеит.

Bezoblachniy ахархәаҩ иакәзар, ари аҩыза аԥшӡара аарԥшразы иажәақәа шазымхо убарҭоуп.

Џьоукы рыла иабо ажәала ирҳәарц иахьынӡаҿу, даҽаџьоукы абжьгарақәа ҟарҵоит Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭаарц зҭаху рзы:

"Аӡиахьы амҩа аџьипқәа рзы мацара иаартуп. Убри изҭаху зегьы ирзеиҭашәҳәа", - ҳәа рыҩуеит Nash_sukhum аҿы.

Аԥсны ашьхараҿы асы шлеиц илеиуеит. Риҵа ишьҭоу асы аҿыгҳара метрак иҩаӡоит. Аӡиа ахаҭа акәзар иҵааркхеит.

Амилаҭтә парк ахь анеира ҟалоит амашьына ҳаракқәа рыла, аха амашьына лаҟәқәа Аӡиа иаҵәаҟынӡоуп иахьынарышьҭуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0