АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik. Жәабран 6, аԥшьаша имҩаԥысуаз асессиаҟны Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыбжьы рҭиит аҭаҭын акциз ахәԥса аҳаракразы.
Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Натали Смырԥҳа илҳәеит уаанӡа аус зуаз апроценттә зыԥҵәала асигареҭ еизаку ахәԥсазы акциз иацырҵон 10-15 мааҭ рҟынӡа, уажәшьҭарнахыс сигареҭ ҵәык 25 капеи акциз ақәырҵоит. Уи сигареҭк иақәырҵо акциз ахәԥса ҩынтә иацнаҵоит.
"Уаанӡа апроценттә зыԥҵәа 10-15 мааҭ шьақәнаргылон, уи ала асигареҭқәа шаҟа ыҟаҵәҟьоу рҵәахыр алшон. Уажәшьҭа сигареҭ ҵәык 25 капеи иахьыҟалаз иабзоураны сигареҭҭрак хәмааҭк иаԥсахоит, аиҵакцизтә хәыԥса иахьмырԥшкәа", - лҳәоит Натали Смырԥҳа.
Асигаретқәа рзы ишьақәырӷәӷәоу акциз – дунеитә практикоуп ҳәа азгәалҭеит лара. Адепутатцәа азакәан рыдыркылеит аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәыла амч аиуит аҭаҭынлых адыргаҭара ҿыц
Аҳәааҟны аҽазныкгьы аҭаҭын аалыҵ аанкылоуп