Урыстәыла амч аиуит аҭаҭынлых адыргаҭара ҿыц

© Foto / FotoliaАҭаҭын
Аҭаҭын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2024 шықәса рҟынӡа Урыстәыла иазԥхьагәаҭоуп аџьармыкьа аилырккаразы адыргаҭара азеиԥш система аԥҵара.

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аҭаҭынлых азы ихымԥадатәиу ацифратә дыргаҭара Урыстәыла иахьаҵанакуа азинмчра аиуеит хәажәкыра 1 инаркны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ацифратә код змоу аалыҵ аџьармыкьахь ицәыргахоит ԥхынгәы 1 инаркны.

Аҭаҭынҭрақәа зегьы ирынҵахоит ацифратә код Data Matrix, QR-код иеиԥшу. Иара ианыԥшроуп атауар аарыхҩи азауад аҟынтәи адәқьан аҟынӡа анеира амҩеи рзы аинформациа.

Урыстәыла иалагалахо акцизқәа Аԥснытәи ахәқәа ирныруеит

Дарбанызаалак аахәаҩ еиликаар илшоит аалыҵ ахаҭабзиара зеиԥшроу, иҷыдоу амобилтә ԥшьы ахархәарала акод ылганы.

2024 шықәса рҟынӡа Урыстәыла иазԥхьагәаҭоуп аџьармыкьатә ҭагылазаашьа аилырккаразы адыргаҭара азеиԥш система аԥҵара.

2019 шықәса ԥхынгәымза инаркны ирылагоит ашьапымаҭәа адыргаҭара, ԥхынҷкәынмзазы – апарфиумериа, афотоҭыхгақәа, ааглыхра ласы атауарқәа жәпакы: хыхьтәи амаҭәа, аиарҭамаҭәа, астолқәыршәқәа уҳәа рдырранҵа аҟаҵара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0