Аԥсны АҶА амш шыбааԥсхо атәы рыланаҳәеит

Ациклон шааигәахо азы аинформациа ааит Шәача ақалақь АҶА аҳәынҭқарратә усбарҭеи Аԥснытәи аминистрреи русбарҭабжьаратә еимадара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Жәабран 8 - 9 рзы Амшын еиқәа аҿықә аҟны аԥша аҽарӷәӷәоит, аамҭа-аамҭала ақәабаа-сабаахьы ииасуа ақәаршыҩ леиуеит аҳәоит Аԥсны АҶА асаит аҟны.

Иазгәаҭоуп афымцацәаҳәақәеи аҵламахәқәеи асы рықәҵаар шалшо. Аԥша аласра секундк ала 13-18 метра инеир ҟалоит.

Амшын аԥшаҳәаҿи ашьхара иахьаԥнуи аҳауа -5°С , -7°С илаҟәуеит. Ашьхараҿы -14°С ҟалоит.

Аусбарҭаҿы амашьынақәа рыԥсҟы зку ргәы рҽанырҵоит амҩақәа ирықәҵаар ҟалоит ҳәа.

Уаанӡатәи асиноптикцәа рдыррақәа рыла Амшын еиқәа аԥшаҳәа аҽаднахалоит аԥшаӷьы "Петра". Иара агәыцә иаҵанакуеит Новороссиски Шәачеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: