Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк ахь амҩа аамҭала иадыркит асыԥсалеира иахҟьаны, аҩаша жәабранмза 4 рзы.
"Асыԥса илеиз аҟнытә амҩақәа арыцқьара ҳаҿуп, аҵлақәа икаҳақәаз иқәаҳгеит, уажәазы амҩа абжа рыцқьан ыҟоуп, иаанхаз азы атехника аусура иаҿуп. Аинспекторцәа зегьы ҭыҵны иҟоуп, иахьынӡаҳалшо шаҟа иаҳзырлысуа ҳәа амҩа арыцқьара ҳаҿуп. Иахьа ҳгәаҳҽынӡамкәа асы ҳазлеит, имаҷымкәангьы. Сахьгылоу аҭыԥаҿ агылара метрак аҟынӡа инеихьеит. Аӡиа Риҵа акәзар, уахьахәаԥшуа иҟәашӡа иумбо иҟоуп. Иагьҵааит, уахагьы иҵаар шьапыла ада узымныҟәо иҟалоит. Ҩымш рыла амҩа ааҳартуеит ҳәа ҳаҿуп, аха илеиуа асы шьҭагылар, нас иҳамоу атехника иалымшар ҟалап ианаҳҳәаз аамҭазы аамҭа аартра, даҽа ҩымш ҳадхалар ҟалоит. Зегь зыхҟьо амш ауп, ҳара ҳус излаҳалшо ала ҳаҿуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьергьениа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Асыԥсалеира иахырҟьаны Риҵатәи апарк аамҭала иаркуп