Арепатриациа

Али Аншба: аԥсуа дахьыҟазаалак иҩн ду ахь, Аԥсныҟа даароуп

Ҳџьынџьуаҩ Али Аншба Ҭырқəтəылантəи иԥсадгьыл ахь дызқəылаз амҩа аҭоурых дазааҭгылоит ажурналист Сырма Ашəԥҳа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Жəаха шықəса инарзынаԥшуеит Ҭырқəтəылантəи иааз Али Аншба иԥсадгьыл аҿы дынхоижьҭеи. Аԥсныҟа аара анаԥшьига, арахь амҩа данықəла, гəыҩбаракгьы изцəырымҵит шьҭахьҟа схынҳəуеит ҳəа. Избанзар идыруан дахьаауаз, дыззаауаз.

Нарҭ Ҟәаԥсаргьен: сгəы раҳаҭны сыҟоуп Аԥсны, избанзар саԥсыуоуп

Алии сареи ҳаибадыруеит Аԥсныдгьыл ишьапы анықəиргыла аамҭа инаркны. Усҟан иара ихала дыҟазҭгьы, иахьа сазгəыдуны исҳəарц сылшоит рынасыԥ шеиларҵаз Амра Агрԥҳаи иареи, ҩыџьа ахшара дышрабу. Хымԥада, ас еиԥш иҿырԥшыгоу аԥсуа ҭаацəарақəа урмеигəырӷьарц залшом.

"Сара, Ҳендеқь иаҵанакуа аԥсуа қыҭа Каилак сеиуоуп. Изларҳəо ала, сышьҭра иатəу сеиҳабацəа Ԥсҳəынтə иҭыҵқəаз роуп. Ҭырқəтəылоуп сара ашкол ахь сахьцаз, алицеи сахьҭалаз, анаҩс иреиҳау аҵараиурҭа сахьҭалазгьы. Кəҭаҳиа иатəу афилологиеи абаҩрҵəыреи рфакультет салгеит, хырхарҭала еиуеиԥшымыз амаҭəарқəа сырхысуан, иара убас ҷыдала ашьапылампыл иатəыз акурсқəа рҿы сҵара иацысҵон", - ҳəа азгəеиҭоит Али Аншба.

Али Аншба аспорт аганахьала Ҭырқəтəыла иоуз аҵарадырра иабзоураны, шықəсқəак Сҭампыл абаҩрҵəыра арҵаҩыс аус иуан, анаҩс ашьапылампыл азы ахəыҷқəа азыҟаиҵон. Иара убас, ааԥхьара ирҭеит зыхьӡ нагоу еиуеиԥшым ашьапылампылтə командақəа рахь, қəҿиаралагьы ихы ааирԥшуан. Аха зегь раԥхьа иргылаз акакəны иҟалеит иԥсадгьыл ахь ахынҳəра.

Иԥсадгьыл ала игәы ирҭәырц: Аԥсны зынасыԥ зыԥшааз ҳџьынџьуаҩ Али Ашәба иҭоурых

"Сара Аԥсныҟа сааит 2007 шықəса рзы, гəаныла еснагь исҭахын арахь аара, сгəаҳəарагьы наӡеит. Санааҵəҟьаз ҩышықəса Гагратəи Башаран-коллеџь аҟны аус зуан абаҩрҵəыра арҵаҩыс, нас Аҟəаҟа сиасит. Слахьынҵа убас еиԥш исыцныҟəеит, шықəсык ааҵуаны, 2008 шықəса рзы аҭаацəара салалеит, иахьа схы-сгəы сақəгəырӷьо сыԥсадгьыл аҿы сынхоит, изласылшо ала сыуаажəлар саӡəыкны срылагылоуп, саԥсыуаҵəҟьаны схы сыԥхьаӡоит", - ҳаиҿцəажəара иациҵон Али.

Иазгəаҭатəуп, Али Аншба иԥшəмаԥҳəыс Амра Агрԥҳа аҭаацəара даналалоз, Аԥсны Жəлар Реизараҿы депутатс дшыҟаз, аҳəаанырцə инхо ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь архынҳəра иадҳəалоу азҵаарақəа еснагь дышрызҿлымҳаз.

Али Аншба иакəзар, ҳазҭагылоу аамҭазы ашьапылампылтə команда "Нарҭ-Сухум" аҟны зыҟаҵаҩ хадас дыҟоуп. Ари акоманда еиҳабыс дамоуп Геннади Ҵнариа.

"Нарҭ" азыҟаҵаҩ хада аҿар еиҳа дрықәгәыӷуеит>>

Уи аԥхьа, Али Аншба ақəыԥшцəа ршьапылампылтə федерациа аҟны аус иуан, ашьҭахь Шамиль Аӡынба хадас дызмоу ашьапылампылтə команда "Абазг" ахь зыҟаҵаҩыс диасит. Аԥснытəи ашьапылампыл аусхк ахҳəаа азуа, Али Аншба игəаанагара ҳацеиҩишеит.

Мураҭ Ԥлиа: милаҭк ахаҿра анӡыруго, ухатəышьҭра анумоу - еиҳау разҟы ыҟаӡам

"Ашьапылампыл аус ҳалацəажəозар, аиаша шəасҳəоит, шықəсқəак раԥхьа еиҳа еиӷьын сгəаанагарала. Аԥарагьы еиҳа имаҷын, аха азҿлымҳара еиҳа еиҳан. Ашьапылампыласыҩцəа иахəҭоу амҩа рыҭатəуп. Ашьапылампыл аҿиара аԥара аҭахуп, ҳтəылаҿы иҟоу аекономикатə ҭагылазаашьа ари аусхкгьы ианымԥшырц залшом. Арԥарцəа ракəзар, абаҩхатəра бзиа рылоуп, иӡыргатəуп, ирхаҵгылатəуп, техникалагьы, маха-шьахалагьы, ццакрылагьы ҳаҷкəынцəа алҵшəа бзиақəа аадырԥшуеит, уи хымԥада агəахəара унаҭоит, зегьы ирыцкуп", - иҳəоит иара.

Али Аншба излаиҳəо ала, иара дызлыҵыз иҭаацəа акыр аԥсуара иазҿлымҳан, аҩнаҭаҿы еиҳарак аԥсуа бызшəа аҳра ауан. Уи ус шакəу агəра угаратəы иҟоуп Али ихымҩаԥгарала, идунеихəаԥшышьа ала.

"Сан Чачԥҳауп, Баақьизе лыхьӡуп. Сан лан Қапԥҳан, саб иан Ҭамбиаԥҳан, убых хылҵшьҭроуп, аха лара дзааӡаз Екбақəоуп, лара лан Абӷаџьааԥҳан, лаб даныԥсы Екбақəа ааӡара дрырҭеит. "Ибыжəлоузеи?" - ҳəа улазҵааргьы, дзааӡаз рыжəла акəын илҳəоз еснагь. Саб ааигəа иԥсҭазаара далҵит, сан лыԥсы ҭоуп. Ҳара хҩык аишьцəа ҳаҟоуп, сара сгəыбжьанытəуп", - иҭаацəа рҭоурых дазааҭгылеит ҳџьынџьуаҩ.

Аҳəаанырцəынтəи Аԥсныҟа нхара ҳəа Аншба зыжəланы иаахьоу Али Ҳаириҭҭин-иԥа иоуп. Аха, агəыӷра ҳамоуп уи иҿыԥшша ижəлантəқəа, иашьцəа шыҟало аԥхьаҟа.

"Сҩызцəеи сареи Ҭырқəтəыла еиҿкаау аԥсуаа ркультуратə хеидкылақəа лассы-лассы ҳарҭаауан, ҳаԥсуара ҳашьҭан, ҳаԥсадгьыл ҳазҿлымҳан. Анцəа иџьшьаны сааратəы иҟалеит. Абра санааи ауп ианеилыскаа Аԥсны сыԥсадгьылҵəҟьа шакəу. Араҟа знык ушьапы адгьыл ианықəургыла, уоунашьҭӡом... Ахцəажəарагьы сцəыуадаҩуп... Аԥсныҟа саара сҭаацəа азыразхеит. Ҭырқəтəылаҟа сҭаацəа рбара сцаргьы, Аԥсныҟа лассы ахынҳəра сҭаххоит, арахь исыхоит", - ҳəа азгəеиҭоит Али Аншба.

Али Аншба иԥсадгьыл аҿы, ииашаҵəҟьаны, ихы-игəы дақəгəырӷьо дынхоит. Ахныҟəгаразы, хымԥада дарбанызаалак ауаҩы усда-ҳəысда дымтəароуп, инапаҟынтə иааиуа ҟаиҵароуп ҳəа азиԥхьаӡоит.

Еркәыт Аӡынба: уԥсадгьыл бзиа иануба, уагәыднаҳәҳәалоит

"Адунеи зегьынџьара уадаҩра ахьыҟам ыҟаӡам, аԥсҭазаара мариаӡам. Ауадаҩрақəа уриааины, анхашьа уақəшəароуп. Аԥсны аҳəынҭқарреи ауаажəларреи сырзыразуп, даара ахаҵгылара ҳарҭоит, ҭабуп ҳəа расҳəоит. Аԥсуаа жəытəаахыс аԥсҭазаара ҳаԥнашəахьеит, ахеиқəырхара ҳалшоит. Ҳаԥсуа бызшəеи ҳаԥсуареи бзанҵы рыԥсы ҭазааит, уи ауп ҳара милаҭк аҳасабала ҳаӷəӷəаӡа ҳҟазҵаз. Ҳара ԥсадгьылк ауп иҳамоу - Аԥсны. Убри аҟынтə, аԥсуа дахьыҟазаалак иҩн ду ахь даароуп. Аԥсадгьыл амч ахьуныруа Аԥсноуп!" - иҳəоит Али Аншба.

Али Аншба иԥсадгьыл иацу игəҭахəыцрақəа акыр ахшыҩҵак ҵаула рыҵоуп, аԥхарра рхылҵуеит, уи илаԥшҳəаа ҭбаауп. Аԥсҭазаараҿы ихықəкы хада наӡеит ҳəа азиԥхьаӡоит, избанзар иԥа Амири иԥҳа Аилинеи рџьынџьдгьыл аҿы ирызҳауеит. Уи еиҳау иарбан насыԥу иҟоу?!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: