Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Еркәыт Аӡынба: уԥсадгьыл бзиа иануба, уагәыднаҳәҳәалоит

© Foto / Афото Еркәыт Аӡынба иархив аҟынтәиЕркәыт Аӡынба
Еркәыт Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи шықәсқәак раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз Еркәыт Аӡынба игәҭахәыцрақәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Алынџьа ақыҭа

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа ахьӡуп сара сахьынхоз. Уа ашкол салгеит, сара сқыҭа хәыҷуп, хыԥхьаӡарала инхо ртәы ҳҳәозар. Ауаа маҷны инхозаргьы, даара иԥшӡоуп сқыҭа. Жәохә-жәаф ҭӡы рҟынӡа аԥсуаа нхоит. Иаҳҳәозар, абас еиԥш иҟоу ажәлақәа: Џьаԥра, Ашьхарыуаа фба-быжьба ҭӡы, Хьециаа ҩба-хԥа ҭӡы, Ҷокәуа, Маршьанаа ҭӡык, Аҳәаа - хыҭӡык, Баҩданаа ыҟан, аха урҭ ықәӡааит уаҩ днымхаӡеит, Ҳаразиаа ҭӡык ыҟоуп.

© Foto / Еркәыт Арӡынба иархив аҟынтәиҬырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа - Sputnik Аҧсны
1/3
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа
© Foto / Еркәыт Арӡынба иархив аҟынтәиҬырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа - Sputnik Аҧсны
2/3
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа
© Foto / Еркәыт Арӡынба иархив аҟынтәиҬырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа - Sputnik Аҧсны
3/3
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа
1/3
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа
2/3
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа
3/3
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Алынџьа асахьа

Аԥсуа бызшәа

Аԥсуа бызшәагьы аԥсы ҭоуп, аԥсшәагьы аԥсы ҭоуп, аԥсуарагьы аԥсы ҭоуп. Аԥсуа бызшәеи аԥсшәеи рҵакы сара хаз-хазы сазхәыцуеит. Аԥсуа бызшәа иарбан милаҭзаалак ирҳәар ҟалоит, аха аԥсшәа аԥсуа имацара иоуп издыруа. Аҵас, адырра, ахшыҩ аҭахуп.

Жанби Сташ - Sputnik Аҧсны
Ҳџьынџьуаа: досу излаилшо ала ижəлари иԥсадгьыли рзы дхəарҭахароуп

Аԥсуара

Аԥсуараҿы зегь раԥхьа игылоуп, сара сгәанала, аԥхашьара. Аԥхашьара злам ауаҩы дзаԥсыуахаӡом. Зегь раԥхьа пату зқәырҵаша аиҳаб иоуп, уԥсҭазаара аазырԥшуа, амҩа уқәызҵо. Аҿаргьы убас, аиҵбацәагьы даара пату рықәҵатәуп. Избанзар, аиҳабацәа ирдыруа аиҵбацәа ирымардар, аԥсуарагьы, алеишәагьы, аҵасгьы, ақьабзгьы, абызшәагьы - зегьы еиқәхоит. Аԥсуа аԥхашьара аниламла, иҟаимҵо акгьы ыҟаӡам. Аиҳаби аиҵби рҭыԥқәа хазуп, патуеиқәҵарыла еизнеитәуп, уи ауп ҳара ҳзырԥшӡо, ҳаԥсуара ӡырызго.

Арҩҭаа: Аԥсны - схәышҭаароуп, еинҭəыланы, ахақəиҭра аманы иҟазарц сҭахуп

Абшьҭра

Сара Арӡынбеи Аӡынбеи ажәлақәа хаз-хазны срыхәаԥшӡом, еилысхӡом. Ҳарҭ аӡә ҳауп, еилых ҳамаӡам уи аганахьала. Ҭырқәтәыла, Адаԥазар аганахь абиԥарақәа рацәоуп. Сара раԥхьаӡа Аԥсны санаауаз, 1990 шықәса рзы, саб, иԥсаҭа бзиахааит, даасыдтәалан, убас сеиҳәеит: "Уахьцо ҳҭоурых еилукаарц азы хәыҷмыҷқәак издыруа уасҳәоит, ҳара абиԥарала Џыриԥацәа ҳреиуоуп", - ҳәа. Сара сабду ихьӡын Рушьаҭ, саб дшыхәыҷыз иаб дыԥсит, уи иаб ихьӡын Хәысраб, Хәысраб иаб Уазган. Сара Аԥсны санаа, ҳҭоурых аилкаара сашьҭалеит Дәрыԥшь, Џьгьарда, Аӡынаа, Арӡынаа ахьынхоз аҭыԥқәа рыла.

Ахҵәара

Ҳара раԥхьа Ԥсҳәы ҳҭыҵит, Ҵабалҟа ҳцеит. Ҳабдуцәа Ҵабалынтә ихҵәеит Ҭырқәтәылаҟа. Сара сабду иаб Хәысраб иоуп Ҭырқәтәылаҟа иагаз. Ермалы ҳәа қыҭак ыҟоуп, аԥсуааи аҭырқәцәеи еиланхоит, раԥхьаӡа уа инанагеит. Уа жәашықәса раҟара инхеит, нас Алынџьаҟа ииасит. Саб иан д-Абыгԥҳан, Аҭие лыхьӡын. Саб ианду д-Қаҩԥҳан. Сара сан Ашьхарыуаԥҳан, Мили лыхьӡын. Сан лан д-Аҳәԥҳан. Сандуцәа аҩыџьагьы сырхаануп, сабдуцәа - мап. Сан лаб, лабҿабоушәа, ԥхыӡушәа дысзааиуеит, ҽеила дысгәалашәом.

Енгин Ебжьноу - Sputnik Аҧсны
Енгин Ебжьноу: Аԥсныҟа санаауаз издыруаз ҩ-ажәак ракәын: иҭабуп, абзиараз

Ажәабжьқәа

Сара саб иан лыԥсҭазаара даналаҵуаз 90 шықәса лхыҵуан. Лаб иҟынтә, ланшьцәа рҟынтә дахаануп Аԥсназы ирҳәалоз ажәабжьқәа. Ҳара ҳхәыҷқәан усҟан, иаҳзеилкаауамызт, рацәак ҳазхәыцуамызт, аха алымҳаҭшьқәа ҳаман. Џьара ҳанцалак, лассы ҳанымаалак: "Шәабаҟаз, Гагра амҩа акра шәцазма?" - рҳәалон. Нас, "Аҟәагьы ахьы ҭоуп, аха изыԥсоузеи?" - ҳәа. Гагра, Аҟәа захьӡыз ҳаздыруамызт усҟан. Издыруадаз, ҳандуцәа, ҳабдуцәа злацәажәоз, изеиԥхыӡуаз ҳаԥсадгьыл мышкымзар мышкы иаҳбоит ҳәа?! Ханыҩеидас, ҳахшыҩ азцо ианалага, зегь еилаҳкааит.

Агәыбылра

Лыӡбахә сҳәар сҭахуп Папаԥҳа Маҳинур, уи ҳара ҳқыҭа датәуп, ҳқыҭа далҵит. Маҳинур лашьа гәакьак дыҟан, ҳанхәыҷқәаз аԥсуа шәҟәқәа иманы ҳаҩны днеиуан, ԥсыуа бызшәала аԥсуа шәҟәқәа дрыԥхьон. 1975-76-тәи ашықәсқәа рзы акәын. Ҳара даара ҳазҿлымҳан дзыԥхьоз. Убрантә иалагеит ҳгәыбылра. Аха, Аԥсадгьыл аҵакы еиҳа сазхәыцуа саналага, раԥхьаӡа Аԥсны санаа, сыдгьыл сшьапы анықәсыргыла ауп.

Хәаԥшыхәԥҳа: Ҭырқәтәылантәи иааз аԥсуаа ҳахьеилынхо иҷыдоу аҭагылазаашьа ыҟоуп

Аԥхыӡ

Сара Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны сааит 1990 шықәса рзы. Баҭым ала ҳаирпланла ҳааит, Бабышьра аҳаиртә баӷәазаҿы ҳалбааит. Усҟан сара жәамш сынхеит, усҟангьы, иахьагьы убас еиԥш сҳәоит: "Сыԥсҭазарааҿы зегьы иреиӷьу урҭ амшқәа, жәамш сыԥсадгьыл аҿы сыҟазаара", - ҳәа. Усҟан избеит ара аԥсуаа шынхоз, избеит сыжәлантәқәа, сашьцәа. Зегьы гәыҭыӷьӷьаала, гәахәала ҳрыдыркылеит. Жәафҩык ҳаҟан, еиҳабцәаны иҳацын Абаӷба Орҳани Агәмаа Неџьааҭии. Аиаша шәасҳәоит, усҟантәи аамҭазы ԥхыӡзу, лабҿабазу ҳаздыруамызт Аԥсны ҳаҟазаара - аԥхыӡ ҳалан.

Аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа

Сара еснагь Аԥсныҟа нхара аара гәҭакыс исыман, аха иалҵуамызт. Ҭырқәтәыла, Аԥсуа федерациа салан. Исгәалашәоит, 2012 шықәса рзы Аԥсуа-абаза жәлар рконгресс ыҟан. Убасҟан аделегациа сацны сааит Аԥсныҟа. Ара сҭынхацәа зегьы збеит. Иԥсаҭа бзиахааит, Арӡынба Заур Џьота-иԥеи сареи ԥацхак аҿы ҳаиқәшәеит санааз аҽны. Санибаҵәҟьа, иаразнак сидырит. Иџьыба аҟынтә 22 шықәса раԥхьа исҭахьаз спатреҭ ааҭыганы исирбеит. Уи сара даара сархәыцит. Ҩажәамш раҟара саанхеит Аԥсны, сҩызцәа раԥхьа сааит, сҩызцәа рышьҭахьгьы сцеит. Санцоз аҽны даасыԥхьан, иҿаԥхьа снаиртәан дсазҵааит: "22 шықәса раԥхьа уанцоз иаарласны Аԥсныҟа саауеит ҳәа сауҳәан, умааӡеит. Уажәы еиҭа суазҵаауеит: "Уаауама?". Сыла дҭаԥшуа абас еиԥш иҟаз азҵаара сиҭеит, аҭаксгьы "саауеит" сҳәеит. Ииашаҵәҟьаны, мызкы ахы-аҵыхәала сгьежьны сааит, уижьҭеи абра сыҟоуп.

Саами Абаш - Sputnik Аҧсны
Саами Абаш: сыԥсы ахьынӡаҭоу зегьы ирабжьазгалоит рыԥсадгьыл ахь ихынҳәырц

Абзазара

Сара сыԥсадгыл аҿы сынхоижьҭеи фышықәса инареиҳауп, схы-сгәы сақәгәырӷьо сыҟоуп. Очамчыра апорт аҿы сашьцәеи сареи ҳаицуп, аус еицаҳуеит Таифун Арӡынбеи сареи, Маҷара сынхоит. Исҭахуп аҿар аԥсышәала ицәажәаларц. Анцәа иџьшьаны, ашколқәа ҳамоуп, аҷҷаҳәа аԥсышәала аҵара ахьырҵаша, уи азы сгәы ҭынчуп.

Аԥеиԥш

Сара Ҭырқәтәылантәи иаауа сҩызцәа убас расҳәоит еснагь: "Аԥсны бзиа иубар, Аԥсны бзиа уабоит", - ҳәа. Уԥсадгьыл бзиа иануба, уԥсадгьыл уара уагәыднаҳәҳәалоит. Сара убас сазхәыцуеит. Аԥсны - ҳаԥсадгьыл ауп, бзиа иаҳбароуп, ҳхы бзианы имҩаԥаагароуп, ҳаицхыраароуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0