Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Ҭырқəтəыла, Диузџье ақалақь иадҳəалоу Аԥсара, Цхьынара ақыҭа иеиуоу Арсҭаа Намық (Рашьыҭ) абар уажəшьҭа шықəсқəак ҵуеит иҭоурыхтə ԥсадгьыл аҿы ҭаацəала дынхоижьҭеи. Иара раԥхьаӡа акəны Аԥсныҟа дааит 2007 шықəса рзы. 2004 шықəса рзы иара иԥҳа Ҳанде Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳəа агəыԥ иацны иааз ахəыҷқəа дрылан. Намық излаиҳəо ала, Ҳанде лыбзоура акыр ирацəоуп дара иахьа Аԥсны рыҟазаараҟны.
"Ҳанде Аԥснынтə дхынҳəны даннеи, илҿакыз Аԥсны аӡбахə акəын, усҟан илхыҵуаз 11 шықəса ракəын. Лара лҳəамҭақəа рыла иаҳдыруан Аԥсны аԥшӡара, ҳахьцашаз аҭыԥқəа. Ара ҳанааи, ииашаҵəҟьаны, ишааҳалҳəаз еиԥш иаҳбеит. Сара Ҭырқəтəылаҟа саныхынҳə ашьҭахь, сԥа даасышьҭит 2008 шықəса рзы. Ҩышықəсаҟа дынхеит, абызшəа, аусура уҳəа иԥгылаз уадаҩра хəыҷкəак аныҟала, дхынҳəит Ҭырқəтəылаҟа. Аха уи, Анцəа иџьшьаны, аамҭала акəхеит", - дҳацəажəон Намық Арсҭаа.
Намық Арсҭаа излаиҳəо ала, Аԥсны аҳəынҭкарра рхаҵгылеит, анхарҭа ҭыԥ рырҭеит Дранда аҳаблан. Иагыз иабзаз иаарласны еидкыланы, инхартə-инҵыртə иҟаиҵеит, аҩнымаҭəахə зегьы Ҭырқəтəылантəи иааигеит.
"2013 шықəса рзы Аԥсны сдацқəа сышьҭит, зегь рыла сҽеиқəсыршəеит. 20 мшы рыла аҩны сыҩналартə еиԥш иҟасҵеит. Раԥхьа сара соуп иааз, нас аԥшəмаԥҳəысгьы дааит. Сԥа Ҭырқəтəылатəи сусқəа дырхылаԥшуан. Анаҩс, урҭқəа зегьы рҭыԥ иқəҵаны, сԥагьы Аԥсныҟа дааит. Уижьҭеи Аԥсны ҳанхоит-ҳанҵуеит", - ҳəа азгəеиҭоит Арсҭаа.
Ииашаҵəҟьаны, имариамзар ҟаларын Арсҭаақәа рҭаацəа рзы ҿыц анхара аԥшьгара, агəыла-азла арҳара. Аха, дара изларҳəо ала, уи иаҭахыз ачҳареи аамҭеи ракəын, анаҩс зегьы рыҽдырҽеит.
"Ус-ус мҩак ҳақəлеит, машьынакгьы аасхəан, атуризм аганахьала аусура нап асыркит. Издыруаз ахəыҷы ала схы самеигӡа аусура салагеит. Иныҟəызгоз асасцəагьы сусура ргəаԥхо иалагеит, еиҳа-еиҳа амҽхак аҽарҭбааит, схатə фирмагьы аасыртит "Арсҭаа-тур" ҳəа ахьӡҵаны, уи аинтернет иҭазгалеит. Уа избо-изаҳауа рацəаҩхеит, иҳадҵаалогьы маҷҩым. Уажəы уи афирма напхгара аиҭоит сара сеиҳагьы еиӷьны аус зуа сԥа", - дҳацəажəон Намық Арсҭаа.
Намық Арсҭаа адгьылқəаарыхра, ақыҭанхамҩа арҿиара бзиа ибоит. Шықəсқəак раԥхьа Уарча ақыҭа адгьыл аҵакны анхарҭаҭыԥ аазхəахьаз, иахьа Сҭампыл аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Шамил Ешбеи иареи еицəажəеит, Шамил иааихəаз аҭыԥ аҿы адгьыл ихы иаирхəарц, дықəаарыхырц, аҳəира ҭымиаакəа иҟаларц, иааидикыларц, илаԥш ахызарц. Шамилгьы уи ала иӡбеит Аԥсны џьара акала дацхраап ҳəа.
"Атуризм аус аҷкəын иҟаиҵо даналага, саргьы ус баша сымтəеит, иҟасҵашаз акы аԥшьызгеит. Уарчаҟа сцо-саауа салагеит, ашҭаҿы иҭагылаз аҩны убаӡомызт, амаӷ ахылиааины иҟан. Зегьы срыцқьеит, аҭыԥ иқəысҵеит. Шамил данааи, дганы исырбеит, егьизымдырит. "Ԥсшьара сцаанӡа аамҭа егьсымам, сагьзаауам, иумҭиин, ухы иархəа ишуҭаху" ҳəа сеиҳəеит. Сара ақыҭа сааӡеит, аарыхра бзиа избоит, уи агəахəа алысхуеит", - иҳəеит иара.
Намық Арсҭаа раԥхьа ауҭраҭых ааӡара нап алеикит, аха уи аҿы даанымҿасит. Иара инапала аӡынхəы хиҩоит, асыӡбал инаркны ашəырхкқəеи ауҭраҭыхкқəеи налаҵаны. Иԥшəмаԥҳəыс лакəзар, лнапы ҟазоуп, аӡахреи, аԥареи, асреи инаркны аԥҳəыс дзырԥшӡо аҟазшьақəа зегьы лылоуп. Аҟəа ақалақь аҿы иаартны илымоуп лхатəы наплакы. "Аусура ашьҭахь дааԥсаны даауеит, лус сырманшəаларц азы снапаҟынтə иааиуа зегьы ҟасҵоит", - иҳəеит Намық длафуа.
"Уажəы акəҷаргьы сааӡо салагеит. Есымза 30 кәты ахьысыгӡар, 500 маҭ ҳəа исҭиир, 15 нызқь мааҭ сзаанагоит ҳəа сазхəыцит, азныказгьы имарианы исзааит. Акəҷар рхыхра знапы алаку Раҳми Арӡынба иҟынтə 400 кəҷар рҟынӡа аазгеит, раԥхьа иманшəаламхеит, ичмазыҩқəахаз ҟалеит. Ҵыԥх акəҷар хызхуа аинкубатор аазгеит, зныкала 500 цыра хнахуеит. Уигьы иагыз-иабзаз гəаҭаны аусура нап асыркит. Ҵыԥхтəи ашықəс иалагӡаны 2500 кəҷар хысхит, акəҷарақəа сҭиит, аха акəытқəа 100 инареиҳаны исзымҭиит. Иахьыуааӡо аҭыԥ умазароуп, ахəышəтəра рҭахуп акəытгьы, акəҷаргьы, урҭқәа снапы рылакуп, исыцааиуагьы иҟоуп", - иҳəеит Намық Арсҭаа.
Иара иаарыхра аҽаҩра беиа инаҭоит. Икəты-икəҷар ракəзар, ихы иахаршəаланы иҭиуеит, ишырҳəо еиԥш, шьыжьы инаркны хəлаанӡа хҭацəыха имамкəа аус иуеит.
"Мчыбжьык зхыҵуа, мызкы зхыҵуа акəҷар ҭитəы сымоуп. Мчыбжьык зхыҵуа 60 мааҭ ҳəа исҭиуеит, мызкы зхыҵуа 120 мааҭ ҳəа исҭиуеит, ирфои дареи ҭибагароуп. Убри инаҷыданы, ауҭра аусгьы аансыжьӡом, иҟаҵатəу рацəоуп. Аҳəынҭқарра аганахьала ахаҵгылара бзиа ыҟазар бзиоуп. Амандарина акəзар, ианаҳҭиша ахə каҳауеит, анхаҩы иџьабаа ахə амазароуп. Ақыҭа бзиа збоит, Уарча инхо гəылацəаҵас исыдгылеит, ҳацəгьа-ҳабзиа еилоуп, ҳаидгылоуп, ҳгəы каҳмыжьроуп, ҳаицхыраароуп", - ҳəа азгəеиҭоит Арсҭаа.
Аҳəаанырцə инхо аԥсуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳəразы Намық Арсҭаа илшо зегьы ҟаиҵоит. Иаҳҳəозар, иара Аԥсны шəҟəыла-быҕьшəыла еиқəшəоу адгьылҭыԥқəа ҭыхны асоциалтə ҳа иҭаиҵоит. Ҭырқəтəылантəи иаазхəахьоу фыҭӡык аԥсуаа ыҟоуп уажəазы, иҟоуп иара убасгьы иазҿлымҳақəоу, иаазхəарц зҭахқəоу.
Намық Арсҭаа иаб жəашықəса ихыҵуан иабду Аиса иԥсҭазаара даналҵуаз. Иара еснагь иабшьҭра аҭоурых аилкаара дашьҭан, излаиҳəо ала, Ҭырқəтəыла иҟоу адокументқəа рҿы Аҟəа иҭыҵқəаз ҳəа ауп ишарбоу.
"Сабду иаб Есыф ихьӡын, уи иаб Маџь ихьӡын, уи иҧшəмагьы Дуҭҳан лыхьӡын. Сабду ианшьа иакəын Еқьзеқь Наазыф. Ҭырқəтəыла аибашьра аныҟала, Черқьез Еҭем идгылақəаз иреиуаз хаҵа ӷəӷəак иакəын, Аҭаҭиурки дареи реизыҟазаашьа аныцəгьаха, Бырзентəылаҟа ицеит. Сабду дҭаацəарамхаӡацызт, Ҭырқəтəылаҟа данага. Арантə данцоз санду Қьецԥҳа дигеит, бзиа еибабозаарын, нас уа иеиҩнрахеит. Ҳара ахҷыԥсаа ҳреиуоуп, ашьхантə ихыҵқəаз ҳауп", - ҳəа азгəеиҭоит Намық Арсҭаа.
Намық Арсҭаа иабду 30 шықəса Бырзентəыла дыҟан. Уа инхоз аԥсуаа 250 ҭӡы рҟынӡа инаӡон, қыҭа дуӡӡак аҿы инхон, арахə-ашəахə рарха хнаҩо иҟан, ус еиԥш еиҭеиҳəоит Намық иаб иҟынтəи иаҳахьоу ажəабжь.
"Санду рыцҳа Кьецԥҳа Назие хҩык аԥацəа лыман, саб иашьцəа ԥсхьеит, саб хəышықəса ихыҵуан иаб даныԥсы. Сабду нас ҭырқəа ԥҳəыск дааигеит, даара бзиа ҳбаны ҳлыдылкылеит. Сан Аргəынԥҳауп, Диузџье иҟоу Анхəа дынхон. Ақыҭаҿы ҳнымхози, иаҳҳəозгьы аԥсшəа акəын. Цхьынара иҳамоу ажəлақəа иреиуоуп: Храҿаа, Папаа, Џьниаа, Ԥынҵаҿаа, Кəаӡаа, Уанаҿаа, Абыџьаа, Аграа, Жьиаа уҳəа. Цхьынара анышьақəдыргылоз 70 ҭӡы ыҟан, уажəгьы еиҳамхаӡац. Арсҭаа хыҭӡык ҳаҟан, Анцəа иџьшьаны, ҭӡык ацлахьеит. Ақыҭа иалҵыз Арсҭаақəа атəым ҳəынҭқарраҿы инхақəогьы ыҟоуп", - дҳацəажəон Намық Арсҭаа.
Адунеи аҿы аԥынгылақəеи аихьӡарақəеи иахьабалак иҟоуп. Зыԥсадгьыл зҭаху, бзиа избо ауаҩы ахаан ихы дахашшаауам. Урҭ дыруаӡəкуп ҳзыҿцəажəоз ҳџьынџьуаҩ.
"Ауаажəлар ҳаизхəыцроуп, ҳаизыҟазаашьа бжьымсроуп. Амал зауз ишьҭахьҟа дмыԥшуа иҟамлароуп, ҳарҭ ҳаизхьаԥшуазароуп, ҳрыцҳаибашьароуп, ҳаихаҵгылароуп, ҳашьҭибахроуп", - ҳəа ҳаиҿцəажəара хҳаркəшеит Намық Арсҭааи сареи.