Аҳәаахьчаҩцәа Аԥсныҟа абџьар алагалара аԥдырҟәҟәааит

Урыстәыла Афедералтә закәан "Абџьар азы" ахәҭаҷ 17 инақәыршәаны Урыстәылатәи Афедерациахь абџьар алагалареи Урыстәылатәи Афедерациахь абџьар алгареи мҩаԥгахар ҟалоит афедералтә усбарҭа ҷыда азин аҟаҵарала.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Аҳәаахьчаҩцәа Урыстәыла атәылауаҩ автомашьынаҿы иҵәахны закәаншьаҭада аҳәаа иахигоз атапанча, "МР - 79 - 9ТМ" амарка иатәу ааныркылеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аҳәаахьчаҩцәа Аԥсныҟа абџьар алагалара аԥдырҟәҟәааит

Автомашьына Урыстәылантәи Аԥсныҟа ахы хан. Абџьар рыԥшааит амашьына атәарҭа аҵаҟаҿы. Иара убасгьы иԥшаан 9 миллиметрак иҟоу апатронақәа быжьба.