Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа аконтрабанда ахыгара ааныркылеит

Аҳазалхратә усбарҭа аусзуҩцәа агәҽанызаара рнаҭеит "амҩасырҭа иаҵәа" ала ицоз атәылауаҩ ихышәаҵышәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. 300 ҭоԥ аҭаҭын Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа ахыгара ааныркылеит Шәачатәи аҳазалхыҩцәа.

Аҳәааҟны аҽазныкгьы аҭаҭын аалыҵ аанкылоуп

Аҳазалхратә хылаԥшра аҭыԥ аҟны амҩасраан ииасуаз руаӡәк, аԥҳәыс, хыхьтәи лцәамаҭәа иаҵаҵәахны жә-ҭоԥк асигарети 100 пачкак асигарети, аҽа ԥҳәыскгьы илыдырбалеит 178 пачка асигарет.

Дара рҩыџьагь ражәақәа рыла дара атауар Аҟәатәи аџьырмыкьаҿы иаархәеит. Атауар рҵәахит избанзар аҳазалхратә ҳәааҿы аҭаҭын аалыҵ ахыгара аԥкырақәа иамаз ахьырдыруаз азы.

Аҭаҭын аалыҵ рымхуп, аекспертизахь инашьҭуп. Ҳтәылауаа рганахь ала административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: