Адгәыр Арӡынба аԥсуа бызшәазы аԥышәара аиҭеит

Аԥсны алхратә комиссиа аӡбрала Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы. Аԥсуа бызшәазы азшьа аиура дарбанызаалак акандидат изы ихымԥадатәиуп. Алингвистикатә комиссиа аусура иалагеит 2020 шықәса ажьырныҳәа анҵәамҭазы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 10– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада иалхрахь акандидат Адгәыр Арӡынба аԥсуа бызшәазы аԥышәара аиҭеит.

Алингвистикатә комиссиа аҭахрақәа инарықәыршәаны иара инысымҩа еиҭеиҳәеит аԥсышәала, аполитикатә тематика иатәыз атекс даԥхьаны еиҭеиҳәеит, аиҭаҳәа иҩит.

Акомиссиа иалоуп хәҩык ауаа – ААУ апрофессор Алықьса Касланӡиа, адоцент Баҭал Хагәышь, Аԥсуаҭҵааратә институт апрофессор Леонид Саманба, ААУ адоцент Диана Аџьынџьал, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ Валентин Коӷониа.

Аԥсуа бызшәазы азшьа аиура дарбанызаалак акандидат изы ихымԥадатәиуп.

Алингвистикатә комиссиа атәыла ахадарахь акандидатцәа рзы рҭахрақәа дыркәадоит

Уажәазы аԥсуа бызшәазы аԥышәара иахысроуп акандидатцәа ҩыџьа – Адгәыр Арӡынбеи Кан Кәарҷиеи.

Егьырҭ акандидатцәа, Леонид Ӡаԥшьбеи Аслан Бжьаниеи рдырра 2014 шықәса рзы акомиссиа иддырдырхьан.

Аԥышәара ашьҭахь акандидат ирҭоит уи аихшьаалақәа шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭга, Алхратә комиссиа Хадахьы анагаразы. Аршаҳаҭга аҟамзаара ма иҵоурам алкаақәа иалдыршоит акандидат аҭаҩра иахыжьра мап ацәкра.

Аԥсны алхратә комиссиа аӡбрала Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: