Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Коӷониа иҳәеит атәыла ахадарахьы акандидат изы аԥышәара шымҩаԥырго

© SputnikВалентин Когония
Валентин Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхратә комиссиа хадаҟны иаԥҵоу Алингвисттә комиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт анаукатә усзуҩ хада Валентин Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит атәыла ахадарахьы акандидат изы аԥышәара шымҩаԥырго.
Коӷониа атәыла хадарахьы акандидат изы аԥышәаразы: ҳазыхиоуп

Алхратә комиссиа хадаҟны иаԥҵоу Алингвисттә комиссиа аилатәара мҩаԥысран иҟоуп жәабранмза 10 рзы.

"Ашәахьа, асааҭ ҩба рзы абызшәазы акомиссиа аилатәара мҩаԥысуеит, аԥсуа бызшәа ишыидыруала аԥышәара аҭаразы дааиран дыҟоуп атәыла ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба. Абызшәатә комиссиа ари аԥышәара азхиоуп, иахәҭоу аматериалқәа зегьы ҳадаҳкылахьеит. Аԥышәарақәа аҭаразы аҽҳәара аамҭа жәабранмза 11 рзы инҵәоит, уаанӡа даарбанзаалакгьы игәаҭара ҳазыхиоуп. Иазгәаҭатәуп, иахьа атәыла ахадарахьы иқәгылоу акандидатцәа рҟынтә ҩыџьа аԥышәарақәа уаанӡа ишарҭахьаз, иазымҭац ракәны иҟоуп Адгәыр Арӡынбеи Кан Кәарҷиеи", - азгәеиҭеит Коӷониа.

Акомиссиа алахәыла иажәақәа рыла, аԥышәара аҭаразы аԥҟарақәа шыҟаз иаанхеит.

"Знык аԥышәаразы инеиз акандидат ихатәы бызшәала адҵа изынамыгӡазар, "дазыҟаҵаӡамызт, даҽазны иауҭап" ҳәа ашколи ауниверситети рҿы ишыҟоу еиԥш аԥҟара ыҟам. Абызшәа здыруа идыруеит, уи амҩа иҭатәуп",- иҳәеит Коӷониа. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0