АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Гаграа ӡыда инхеит ақалақь ауааԥсыра ӡыла еиқәзыршәо амоторқәа руак ахьыԥхасҭахаз иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа.
"Уажәазы аусурақәа мҩаԥысуеит. Хәылбыҽханӡа агхақәа зегь рҭыԥ иқәҵаны аӡы ауҳашьҭып ҳәа ҳгәыӷуеит. Ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаҳҵоит иҟоу аҭагылазаашьазы", - иҳәеит иара.
Џьениа иажәақәа рыла амотор акыр иқәсхьеит, 1960 шықәсазы иҭрыжьыз иреиуоуп.
Владимир Џьениа иҳәеит авариа аҭыԥ иқәҵахаанӡа аӡымҩангага машьынақәа аӡы ахьыҟам ақалақь ахәҭахьы инашьҭхар ҟалоит ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Цыгәба еиҭеиҳәеит Гагра аӡы аҟамзаара зыхҟьаз
Џьопуа Очамчыра аӡымҩангагақәа рҭагылазаашьазы: есыҽны џьара иаунамыжьыр ауӡом
Зегь зхароу атрубоуп: Аҟәа аӡы аҟамзаара зыхҟьо