Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цыгәба еиҭеиҳәеит Гагра аӡы аҟамзаара зыхҟьаз

© Foto / предоставлено Бесланом ЦугбаБеслан Цыгәба
Беслан Цыгәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абар иахьа ҩымшуп Гагра ақалақь ауааԥсыреи зыԥсы зшьои ӡыда ыҟоижьҭеи. Изыхҟьазеи ишьақәгылаз ауадаҩра, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ақалақь аӡыканал аиҳабы Беслан Цыгәба.
Цыгәба еиҭеиҳәеит Гагра аӡы аҟамзаара зыхҟьаз

"Аӡазы ақалақь аҿы аҭагылазаашьа уадаҩуп. Гагра аҟара аӡрыжәтә ахьынтәиугаша аҭыԥқәа ыҟамзар ҟалап, аха ауаа рҿы инеиуа аҟаҵара аҭагылазаашьа ҳамаӡам. Инвестициатә программала аӡы аҟаҵара изҿыз амҩабжа иааныркылеит, убри ҟарымҵакәа ари апроблема еснагь иҟазаауеит. Аԥхын Гагра ауаа рхыԥхьаӡара акыр иацлоит. Аха убри аамҭазы аарҩара иахҟьаны аӡы иаҳа иагхоит. Анасосқәа ажәхьеит. Акы аасааҭк аус анулак ашьҭахь иаанкыланы ихьшәашәаанӡа, егьы аҿаукуазароуп. Аха ҳара аҩбатәи ҳамаӡам. Иахьазы аӡазы иҟоу аиԥҟьарагьы зыхҟьаз Гал араион аҿы иҟаз амшцәгьа иахҟьаны зехьынџьара алашара ырцәан. Афымцалашара шдырцәо заанаҵы ианаҳдыруа, анасосқәа русура аанаҳкылоит, аха иаалырҟьан алашара андырцәо атехника анырра анаҭоит. Ибжьысыз иаарласны аԥсахразы амыругақәа аахәан иҟам, дара раахәаразы аԥарагьы ҳамам. Аҳәынҭқарратә биуџьет кәадахеит", - ҳәа азгәеиҭеит Цыгәба.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0