Урыстәылатәи анаԥшцәа Аԥснытәи алхрақәа рылахәра иазыхиоуп

Москва Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҟынтәи иззыԥшу, атәыла анапхгара реиҭакра аизыҟазаашьақәа ирнырыр шалшо уҳәа дрылацәажәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәыла ААР ахада ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко.
Sputnik

Sputnik

Адипломат иазгәеиҭеит ареспубликаҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змоу аполитикатә хҭысқәа атәылақәа реизыҟазаашьа анырра шарымҭо.

- Аԥсны, хәажәкыра 22 рзы аиҭалхрақәа ҟалараны иҟоуп. Москва уи ишԥахәаԥшуеит, насгьы анаԥшыҩцәа уахь инашьҭхома?

- Аԥсны Жәлар Реизара ажьырныҳәа 13 рзы Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара ицара анаднакыла инаркны атәылаҿы алхратә процесс амҩаԥысра иалагеит – акандидатцәа ықәдыргылоит, АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалоит. Ҳгәыӷуеит аиҭалхрақәа азинтә мҩа ианыҵрым, ажәлар реиҳа зыгәра ргогьы далххап ҳәа. Жәларбжьаратәи анаԥшцәа рганахьала, 2019 шықәса рзы урҭ 60-ҩык ыҟан. Ҳпарламентарицәа уажәгьы иазыхиоуп ааԥхьара шроулак уахь анеира.

- Шәгәы ишԥаанаго, аҵыхәтәантәи ахҭысқәа Москвеи Аҟәеи рекономикатә еизыҟазаашьа ианыррыма? Аизыҟазаашьақәа рҽеиҭаркып ҳәа шәгәы иаанагома?

- Ааигәатәи ахҭысқәа Аԥсны аҩнуҵҟатә усқәа роуп ҳәа иаҳшьоит. Ихадароу - Ҳаџьымба иԥхьатәара азакәанԥҵаратә усбарҭас иҟоу Апарламент ишьақәнарӷәӷәеит. Аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа арҭ ахҭысқәа изаҟаразаалак ныррак рырҭом.

Путин адҵа ҟаиҵеит Аԥсны Арбџьармчқәа рмодернизациа аԥаразоужьразы

Урыстәыла Аԥсны ишазныҟәо аарԥшуп 2014 шықәса рзы анапы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра хада, уи иаанаго Аԥсны ҳара иҳастратегиатә партниоруп ауп. Ҩганктәи аинырра адинамикатә ҟазшьа аманы имҩаԥысуеит, аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа амоуп.

Аԥсны атауареикәыршараҟны Урыстәыла 77% аҭыԥ ннакылоит, атәылаҿы асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭо.

Жәабран 10 рзы, Адипломатиатә усзуҩ имш аҽны Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз иҳәеит ари амшныҳәа шазгәарҭо, иара убас аԥсуа-аурыс дипломатитә усеицура ахәшьара аиҭеит, русбарҭа аусура аҷыдарақәа дырзааҭгылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: