Двинианин: аиқәшаҳаҭра аԥсуа ар амчра иацхраауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСолтаты абхазской армии
Солтаты абхазской армии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит Аԥсны Арбџьармчқәа рмодернизациа аԥаразоужьра амҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩызарц.

АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Аԥсны Арбџьармчқәа арҿыцра аԥаразоужьразы аиқәшаҳаҭра, аԥсуа ар рылшарақәа реиӷьтәра иацхраауеит, иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Закан Нанба: аԥсуа ар аибашьра иалиааит

"Аԥсны Арбџьармчқәа рҿыцра аԥаразоужьра амҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра аԥсуа ар амчлшара иацхраауеит. Иара анапаҵаҩра шаҳаҭганы иҟоуп атәылақәа рыҩба арратә усхк аҟны аусеицура ду шымҩаԥыргозы. Агәра згоит адокумент ар рымч арӷәӷәаразы хра аманы ишыҟало", - иҳәеит иара.

Алексеи Двинианин иара убасгьы иазгәеиҭеит ари аиқәшаҳаҭра шьаҭаны ишамоу 2014 шықәса абҵара 24 рзы Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара анапы зҵаҩыз аиҩызареи апартниорреи рзы аиқәшаҳаҭра.

Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит Аԥсны арратә мчрақәа ҳаамҭа иақәшәо бџьарла реиқәыршәара ҳәа иҳәеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Атәылахьчара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Роланд Џьоџьуа.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра алархәны аԥсуа гани дареи реилацәажәара рнапы ианҵоуп.

Нанҳәа 23 рзы Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа Москва диԥылеит иколлега Сергеи Шоигу. Атәылахьчарақәа рминистррақәа рхадацәа аҩтәылак русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убасгьы рнапы аҵарҩит Москвеи Аҟәеи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рҿыцра аԥаразоужьразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0