АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, Доминика Ақырҭааԥҳа рышьра далахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы иԥшаара иашьҭоуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Иԥшаара иашьҭоуп Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭан инхо, 1982 шықәса рзы ииз Бганба Беслан Тото-иԥа.
Ԥхынҷкәынмзазы Аҟәа ақалақь апрокуратура аҳәамҭа ҟанаҵеит арҭ ауаҩшьрақәа дрылахәуп ҳәа агәаанагара зызрымаз Ерик Чкадуа иԥшаара ишалаго азы. Иахьатәи аамҭазы абри аус инадҳәаланы иаанкылоуп: Аслан Блабба, Даҭо Ахалаиа, Демур Ахалаиа.
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.
Ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы, ԥхынҷкәын 3 рзы лара лыԥсҭазаара далҵит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҟәа аԥшаҳәаҿы ахысразы гәҩарас ирымоу иԥшаара рылаҳәоуп
Ахәра зауны ахәышәтәырҭа иҭаз Доминика Ақырҭааԥҳа лыԥсҭазаара далҵит