Ахәра зауны ахәышәтәырҭа иҭаз Доминика Ақырҭааԥҳа лыԥсҭазаара далҵит

© Foto / социальные сети Доминика Ақырҭааԥҳа
Доминика Ақырҭааԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҟны хәынаҳаҩыс аус зуаз Доминика Ақырҭааԥҳа уи аҿаԥхьа аиҿахысрақәа раан ахәра ӷәӷәа лоуны ахәышәтәырҭахь днаган.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҟны хәынаҳаҩыс аус зуаз Доминика Ақырҭааԥҳа, абҵара 22 рзы аҭыԥ змаз аиҿахысраан ахәра зауз, лыхдырраҿ дмааиӡакәа лыԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 3 рзы ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра апресс-маҵзураҟынтә.

Апресс-маҵзура адыррала, Доминика лыԥсҭазаара далҵит иахьа, асааҭ 16:00 рзы.

Аҳақьымцәа Доминика Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа иуадаҩу ҳәа иршьон. Иааԥхьаз шәачатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа №4 анеирохирург Олег Мазманови ареанимациа аҟәша аиҳабы Валери Шустови аԥснытәи рколлегацәа имҩаԥыргоз ахәышәтәра иашаны имҩаԥгоуп ҳәа ахырҳәааит.

Ԥхынҷкәын 27 рзы ачымазаҩ атрахеостомиа лзыҟаҵан, аха ахы шлылац илылан.

Аҟәа ахысрақәа раан ахәра зауз Доминика Ақырҭааԥҳа аоперациа лзыҟарҵеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ахысрақәа раан ахәра зауз Доминика Ақырҭааԥҳа аоперациа лзыҟарҵеит

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы.

Иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадахьы днаган ишьаргәацәқәа рыҩбагьы ахәра рацәа змаз Русҭам Шамба, 1977 шықәсазы ииз, аҩбатәи ахәышәтәырҭахь днаган Шамиль Аҩӡба, 1997 шықәсазы ииз. Урҭ рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылам.

Аоперативтә ԥшаарақәа ирылҵшәаны ахәаша, асааҭ 16:00 рзы ацәгьоуцәа равтомашьына "Toyota Mark-2" былны иԥшаауп "Дэпо" араион аҿы. Уи иҭан "Калашников" иавтоматқәа ԥшьба.

Абҵара 23, асабша, Аҟәатәи апрокуратура Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа жәпакы инарықәыршәаны ихацнаркит ҩыџьа ауааи инареиҳани рышьразы ашьаусҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0